Аҟәа аԥшаҳәаҿы ауаҩшьразы иаанкылоу рыҵәахразы ҩыџьа ауаа ахара рыдҵоуп

© Depositphotos.com / JacobStСудебный молоток и весы правосудия
Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩтәылауаак рзы Аҟәатәи ақалақьтәи Очамыратәи араионтәи ӡбарҭақәа ирыдыркылаз рыӡбамҭақәа макьана рзакәанмчы рмоуӡацт.

АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтәи Очамыратәи араионтәи ӡбарҭақәа аӡбамҭа рыдыркылеит Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахысраан иҟалаз ауаҩшьра иалахәыз ҳәа агәҩара ззыҟоу рыҵәахразы, изакәанымкәа абџьар аҵәахразы ҩыџьа атәылауаа ахара рыдырҵеит.

Весы Фемиды, наручники и судейский молоток - Sputnik Аҧсны
Ахынтәуҩшьра иалахәу ҳәа агәаанагара ззыҟоу ахаҿы иҵәахразы аус аӡбарҭахь инашьҭуп

Апрокуратура хада асаит ишаҳәо ала, Изольда Аҳәԥҳа ахара лыдырҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 217 актәи ахәҭа (изакәанымкәа амцабџьар аҵәахреи, аныҟәгареи, амҩангареи рзы), ахәҭаҷ 318 (аҵәахра) рыла.

Аҳәԥҳа аӡбарҭа харас илыднаҵеит, лганахьала аӡбамҭагьы аднакылеит лара лаҵара 26-29, 2020 шықәса рзы Алхас Аҩӡбеи, Асҭамыр Шамбеи, Доминика Акырҭааԥҳа заанаҵ иӡбаны рышьразы ахара здырҵо Ерик Ҷкадуа дахьыҟаҵәҟьаз дырны, "активла ицхраара даҿын, иара хазы ауада изалхны, афатә-ажәтә рыла деиқәыршәаны Аҟәа иҟоу лынхарҭаҩнаҿы дҵәахны длыман" азы.

Уи адагьы Аҳәԥҳа харас илыдырҵоит иарбоу луаҭах аҿы амцабџьар, зкалибр еиуеиԥшым аџьаԥҳаны, агранатомиот, иара убас иԥжәар зылшо агранатақәа.

Нанҳәа 19 рзы ашьаус ахәаԥшра алҵшәақәа рыла, Аҳәԥҳа ахара лыдырҵеит, ацәгьоурақәа еизакны рзы илықәырҵеит ҩышықәсеи ҩымзи ҭакрала ахгара, ԥышәаратә ҿҳәарас фымз лыҭаны, хараԥсада.

Цәыббра 3, 2020 шықәсазы Очамчыратәи араионтә ӡбарҭа изакәанымкәа амцабџьар аҵәахреи ацәгьоура аҵәахреи рзы ахара здырҵо Валериан Шьанаа ишьаус аматериалқәа ирыхәаԥшуан.

Наручники  - Sputnik Аҧсны
Аҟәа аԥшаҳәаҿы хҩык ауаа рышьра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу даанкылоуп

Шьанаа аӡбарҭа харас иднаҵеит, иганахьала аӡбамҭагьы аднакылеитмшаԥы 21 инаркны лаҵара 8, 2020 шықәса рзы, ақьафурҭа "Сан Ремо" аҿаԥхьа иҟалаз ауаҩшьра далахәын ҳәа изхәаԥшуа Беслан Бганба дахьыҟаҵәҟьаз дырны, "активла ицхраара даҿын, Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан аҩнаҿы иара хазы ауада изалхны, афатә-ажәтә рыла деиқәыршәаны дҵәахны диман, убри алагьы Бганба аҭакԥхықәрахь иадԥхьалара даԥырхаган", ҳәа аарыцҳаит Апроокуратура хада адырраҭараҿы.

Ашьаус ахәаԥшра алҵшәақәа рыла, Шьанаа ахара идырҵеит, ацәгьоурақәа еизакны рзы иқәырҵеит хышықәса ҭакрала ахгара, ԥышәаратә ҿҳәарас ҩышықәса иҭаны, ахараԥса 40 нызқь мааҭ аҳәынҭқарра иазишәарц иқәҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0