АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik. Аладатәи арратә округи Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи рынџьнырцәа атактикатә ҽазыҟаҵарақәа раан "аӷа" ирхәҭа ажәылара ааныркылеит, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округа апресс-маҵзура.
Арратә ҽазыҟаҵарақәа раан аруаа амина-ԥжәаратә уси ахырӷәӷәарҭақәа рыҟаҵареи рҟны рдыррақәа еиздырҳауан аполигон Нагвалоу аҟны.
Аҽазыҟаҵарақәа рзы заанаҵ ишазԥхьагәаҭаз еиԥш, Амшын еиқәаҟынтәи "аӷа" ижәылараан аԥшаҳәа ацәаҳәа асапиорцәа иԥыржәеит.
"Аруаа ииашаз атактика ахьалырхыз азы "аӷа" ҩыџьарантәи ижәылара аанкылара рылшеит - амшыни ашьхақәеи рҟынтәи. Аԥжәаратә усурақәа раан иныхын иԥжәо амаҭәашьар 100 киллограм инеиҳаны атротиллтә еквивалент ала", - ҳәа азгәарҭеит Аладатәи арратә окурга апресс-маҵзураҿы.
Иара убас аруаа рԥышәа еиздырҳауан аминаҵхреи амина ахьыҵоу адәқәеи рышьақәыргылареи, ахырӷәӷәарҭақәеи ацҳақәеи рыргылареи аус аҿы. Аршьаҟауаа рзы аҭабиақәеи атанкқәеи артиллериатә бџьари рзы апозициақәеи реиқәыршәаразы анормативка нарыгӡеит ажраҟаӡагатә машьына ласқәа БТМ-3-и акотловантә машьынақәа МДК-и рыла.
Аӡы ахьыҵыҵуа аҭыԥқәа рыԥшаара, уи аҵхразы аҭыԥқәа реиқәыршәара, аӡы комплексла изрыцқьо ҳаамҭазтәи архәҭатә станциа СКО "Гигиена" рхы иархәаны аӡы арыцқьара уҳәа рзы адҵақәа нарыгӡеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Урыстәылатәи аруаа ашьаҟауаа ржәылара ааныркылеит ашьхараҿ
-
Адронқәа ржәылара: аруаа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа "ржәылара" аԥдырҟәҟәааит