Аҟәа абжьаратә ҵараиурҭақәа зегьы русура иалагеит цәыббра 1 азы, 6-тәи ашкол ада.
"Жәиԥшьымш ирылагӡаны аҿкы аӡәгьы идбаламызт. Арҵаҩцәа зегьы ргәы бзиоуп. Ашкол адиректор зныктәи ианализ ачымазара ицәа шалам аанарԥшит. Даҽа знык ус еиԥш аныҟала, аусура дҭыҵыр алшоит. Аклассқәа зегьы ҳрыцқьеит, аҵаҩцәа рыдкылара иазыхиоуп. Ахәыҷқәа дара-дара еидыхны аиҵбыратә классқәа хазы, аиҳабыратә хазы ҳәа иахьынӡазалшоз иҟаҳҵеит, аихшанҵақәа шьақәҳаргылеит. Шықәсыбжак ҵуеит ашкол аус амуеижьҭеи, ҳҵаҩцәа гәхьааҳгеит. Аха зынӡа ҳаибабомызт ҳәа ҳазҳәом, ари аамҭа зегьы иалагӡаны ҳаиҿцаауан. Ҳәарада, ҳазҭалаз аҵарашықәс ирацәаны апроблемақәа цәырнагоит, аха ҳаихьӡап ҳәа сгәыӷуеит", - ҳәа азгәалҭеит Чагәааԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Делԥҳа еиҭалҳәеит аҵаҩцәа рыбжьара акоронавирус зыдбалаз даналкааха ашьҭахь иҟаҵаз
-
Аԥсны Асанепидемстанциа аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы абжьгарақәа ҟанаҵеит