Аексперт аҵәахразы иреиӷьу авалиута аӡбахә иҳәеит

© Sputnik / Роман Галкин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИнвестиционная компания "Антанта-Капитал"
Инвестиционная компания Антанта-Капитал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апандемиа иахырҟьаны адунеитә економикатә кризис ашәарҭара иҭанаргылараны иҟоуп адоллари еврои реиԥш иҟоу авалиутақәа.

АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Ааигәатәи аамҭақәа рзы аҵәахразы иреиӷьу валиутаны ишьоуп швеицариатәи афранк, ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит афондтә џьармыкьа "БКС Брокер" аексперт Дмитри Бабин.

Швеицариатәи афранк ауп акоронавирус аамҭази агеополитикатә фон аҽеиҭакраани ишьақәтәаны иҟалар зылшо.

Аексперт иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ашықәс абжазы еиҳа еиӷьны зхы аазырԥшыз авалиутақәа еврозона иалоу шракәмыз. Урҭ швециатәи акрона, швеицариатәи афранк, даниатәи акрона роуп.

"Дара ЕАА адоллар иаҿырԥшны реизҳара еврогьы иаԥнагеит. Аха ԥхьаҟазы швеицариатәи афранк еиҳа еиӷьу апозициақәа ннакылоит, еиҳа ихьчоу валиутак аҳасаб ала", - иҳәеит иара.

Бабин иазиԥхьаӡоит европатәи авалиутақәа рҭаххара каҳар алшоит ҳәа. Абри зегьы агеополитикатә цәыӡқәа, Евроеидгыла аекономикаа проблемақәа, апандемиа аҩбатәи ацәқәырԥа ирнырԥшны имҩаԥысуа ҭагылазаашьақәоуп.

Адоллар акәзаргьы ишьақәымтәар алшоит ЕАА аҩныҵҟаполитикатә ҭагылазаашьа, имҩаԥгахараны иҟоу алхрақәа ирхырҟьаны ҳәа иазиԥхьаӡоит Бабин.

Аналитик агәҽанҵара ҟаиҵоит адоллар альтернативаны иазыҟоу евро ма амааҭ рыԥсахрақәа раан апроблемақәа ҟалар ҟалоит ҳәа, избанзар абанкқәа рҿы урҭ рыҭира ма раахәара аџьармыкьтә ԥсахрақәа ирзааигәамхар ахьалшо азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0