Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәеи Козаки Бабичи Москва аиԥылара мҩаԥыргеит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВывеска на фасаде здания министерства экономического развития Российской Федерации на улице 1-я Тверская-Ямская.
Вывеска на фасаде здания министерства экономического развития Российской Федерации на улице 1-я Тверская-Ямская. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь Москваҟа усутә ныҟәара ҳәа цәыббра 7 рзы амҩа дықәлеит.

АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Анатоли Бибилови Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабичи аиԥылара рыман ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистрра асаит.

Аиԥылараан ирылацәажәан атәылақәа рсоциал-економикатә ҿиара, аинвестициатә программақәа рынагӡара аԥеиԥшқәа.

Аганқәа алацәажәеит аҵара аганахьала аусеицуреи акультуратә еимадарақәа рпрограммақәеи рызҵаарақәа.

"Ҳара иҳагәҭакуп ганрацәала атранспорт, афымцамч, ақыҭанхамҩа, аҵарадырра русхкқәа рҟны ацхыраара аҟаҵара", - ҳәа иҳәеит аиԥылараан Михаил Бабич.

Нанҳәамза анҵәамҭазы Михаил Бабич Аԥсны дыҟан. Нанҳәа 20 рзы уи Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит. Аслан Бжьаниа агәыӷра ааирԥшит Михаил Бабич Аԥсны иаҭаара изныкымкәа излацәажәахьоу азҵаарақәа рыӡбраҿы хәарҭара аманы иҟалап ҳәа.

Аслан Бжания встретился с первым замминистра экономразвития России - Sputnik Аҧсны
Аимпульс ҿыц: Аслан Бжьаниа дидикылеит Михаил Бабич

Бабич Аԥсны иҟазаараан Гагреи, Афон ҿыци, Тҟәарчали, Аҟәеи дырҭааны ибеит Аинвестпрограмма аобиектқәа.

Аслан Бжьаниеи Анатоли Бибилови Москва усутә ныҟәарала иҟоуп. Аслан Бжьаниа ипресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, имҩаԥигараны дыҟоуп иакымкәа аиԥыларақәа.

Аслан Бжьаниа уажәтәи Москва иҟазаара ԥшьынтәтәуп Аԥсны ахадас дҟалазар аахыс.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0