Агәалашәара амш: Аҟәа Иури Воронов анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВозложение цветов к могиле Юрия Воронова
Возложение цветов к могиле Юрия Воронова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аполитикатә усзуҩ, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ Иури Воронов дыршьит цәыббра 11, 1995 шықәса рзы.

АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны анапхгара, аҵарауаа, ауаажәларратә еилазаара рхаҭарнакцәа цәыббра 11 рзы иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аполитикатә усзуҩ Иури Воронов анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

"Иури Воронов XIX ашәышықәса аахыс Аԥсны ԥсадгьылны иззыҟаз аҭаацәара дрылҵит. Иури Николаи-иԥа Аԥсны аҭоурых аҭҵаара илшамҭақәа рацәаӡаны иадын. Ашкол данҭаз инаркны иҭиҵаауа далагахьан Ҵабалтәи абаашқәа. Мрагылараҭҵаара аинститут аҿы аегиптолог изанааҭ шиоузгьы, Аԥсныҟа дхынҳәны дызҿыз аус иациҵо далагеит. Иԥсадгьыл абзиабара аԥыжәара аиҭеит", - ҳәа иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Сослан Салаҟаиа.

Иара иазгәеиҭеит Воронов Аԥсны аҭҵаарадырразы илшаз шшьардоу, Аԥсны археологиатә хсаала дшавтору.

"Иара раԥхьатәи археологцәа, аҭҵаарадырра адокторцәа дреиуан. Егры нырцәтәи аҵарауаа рацәак бзиа дырбомызт. Избанзар иусумҭақәа рыла иаҿаԥиҽуан ртеориақәа, Аԥсны иҟоу аҭоурыхтә баҟақәа аԥсуаа ишыртәыз шьақәирӷәӷәон", - иҳәеит Салаҟаиа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа Иури Воронов анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит
Агәалашәара амш: Аҟәа Иури Воронов анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит - Sputnik Аҧсны
Аҟәа Иури Воронов анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

Воронов иара убасгьы Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара агәҭаҵәҟьа иалагылаз дреиуан.

"Аибашьра аԥхьатәи, аибашьра аамҭазтәи, ашьҭахьтәи аамҭақәа раан Воронов Владислав Григори-иԥа Арӡынба иарӷьажәҩан ивагылаз дреиуан. Урыс милаҭуаҩык иаҳасабала аҳәаанырцәуаа иажәа еиҳа агәра ргон. Ҳәарада, Воронов иҭахара харҭәаашьа змаӡам цәыӡуп, рыцҳароуп Аԥсны азы", - иҳәеит Сослан Салаҟаиа.

© Sputnik / Томас ТхайцукИури Воронов анышә дахьамадоу икыду агәаларшәагатә ҭӡы
Агәалашәара амш: Аҟәа Иури Воронов анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит - Sputnik Аҧсны
Иури Воронов анышә дахьамадоу икыду агәаларшәагатә ҭӡы

 

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ апрофессор Иури Воронов диит лаҵара 8, 1941 шықәса рзы Ҵабал, Вороноваа рынхарҭа "Ясочка" аҟны.

1965 шықәса рзы Ленинградтәи ауниверситет далгеит. 1971 шықәса рзы аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидатс дҟалеит, 1985 — аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдокторс. Ҵабалтәи аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра напхгара аиҭон, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны алекциақәа дрыԥхьон.

1990-1995 шықәсқәа раан Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс дыҟан. 1994 — 1995 шықәсқәа рзы Аминистрцәа Рхеилак Аԥыза-министрс дыҟан. Напхгара аиҭон Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшьқәа Рконгресс.

Иури Воронов дыршьит 1995 шықәса рзы Аҟәа, иуаҭах ашәхымс аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0