Акәаԥ ргылахоит: Путини Лукашенкои Шәача еиԥылараны иҟоуп

© Sputnik / Ekaterina Shtukina / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПутини Лукашенкои Шәача еиԥылараны иҟоуп
Путини Лукашенкои Шәача еиԥылараны иҟоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путини Белоруссиа ахада Александр Лукашенкои Шәача аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргараны иҟоуп. Лукашенко изы ари аҳәаанырцәҟатәи раԥхьатәи ныҟәароуп, нанҳәа 9 рзы иҟаз алхрақәа рышьҭахь.

АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Владимир Путини Александр Лукашенкои иалацәажәараны иҟоуп ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара азҵаарақәа, астратегиатә партниорреи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи.

Ҷыдала азхьаԥшра аҭахоит Аидгылатә ҳәынҭқарра аҳәаақәа ирҭагӡаны аинтеграциа аԥеиԥш, иара убасгьы ахәаахәҭра-економикатә, аенергетикатә, акультура-гуманитартә усхкқәа рызҵаарақәа. Убри аан аиԥылара аихшьааларатә документқәа анап рыҵаҩреи апресс-конференциеи азгәаҭам. Лукашенко иакәзар, Путин иԥылараан атәылақәа аҩба рыбжьара аизыҟазаашьақәа зегьы иныҭкааны рҭышәныртәалара дазыԥшуп.

РИА Новости зызҵаауаз аекспертцәа ргәаанагарала белоруссатәи анапхгаҩы Урыстәылаҟа дызнеиз афинанстәи амчратәи цхыраара аиуразоуп. Аиԥылараҿы ицәыргахоит Урыстәыла аҿаԥхьа Белоруссиа иақәу ауал аӡбахә.

Алхрақәа рышьҭахь мызкы

Белоруссиа аҿагыларатә қәгыларақәа шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит. Ахада иалхрақәа, атәыла АКХ адыррақәа рыла Лукашенко 80,1% бжьы иманы иалхрала ихыркәшахеит. Ари агәынамӡара аанарԥшит. Аоппозициа ари иԥаршеиу еихшьаалоуп ҳәа иқәгылеит, ахадарахьы аекс-кандидат Светлана Тихановскаиа лоуп иаиааиз ҳәа рҳәеит. Ақәгыларақәа раан амчратә усзуҩцәа алаӷырӡаагага агаз, аӡыршәгақәа, арезина иалху апатронақәа уҳәа рхы иадырхәеит. Аԥхьатәи амшқәа рзыҵәҟьа 6,7 нызқьҩык рҟынӡа ауаа аанкылан. Адырра ыҟоуп хҩык аҿагылаҩцәа ҭахеит ҳәа.

Урыстәылеи Белоруссиеи аинырра рыбжьоуп. Атәылақәа рхадацәа изныкымкәа ҭелла еицәажәахьеит. Путин иҳәеит иаҭахханы иҟалозар азинхьчаҩцәа Минск ацхыраараз инеишьҭыр шилшо азы.

Цәыббрамза алагамҭазы Москваҟа днеиит ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Владимир Макеи. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реицәажәараан иазгәаҭан Урыстәыла аҭыԥ: Москва атәыла анҭыҵ апровокациақәа реиҿкаара шалнамыршо азы. Аминистр иазгәеиҭеит ишыҟоу адыррақәа 200-ҩык аекстремистцәа Украина ишазыҟарҵахьоу Белоруссиа аҭагылазаашьа аҵшәааразы.

Абарҭ аамҭақәа рзы Москва даҭан Белоруссиа атәылахьчара аминистр Виктор Хренин, ИАР атәылақәа, Шанхаитәи аиҿкаара ртәылахьчаратә министрцәа реиԥылара алахәхаразы. Хренин урыстәылеи Китаии рырра-политикатә напхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит Минск иарҭо адгыларазы, иҳәеит Мраҭашәара Белоруссиа ақәыӷәӷәара ду шанаҭо.

Ночь выборов | Жестокие столкновения между протестующими в Беларуси и ОМОН после президентских выборов - Sputnik Аҧсны
Аиҿагыларақәеи аҭакрақәеи: Белоруссиа ахада иалхрақәа шымҩаԥысыз

Иара убасгьы Минск иҟан Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин зхадараҿы дыҟаз аделегациа. Аделегациа алахәылацәеи Лукашенкои Белоруссиа аԥыза-министр Роман Головченкои аиԥылара мҩаԥыргеит.

Амшхәаԥштә зҵаараҿы иқәгылан атәыла ауал –миллиард доллар. Нанҳәамза анҵәамҭазы Лукашенко аҳәамҭа ҟаиҵеит, Путин уи ауал арефинансированиа дшақәшаҳаҭу азы.

Иара убасгьы иалацәажәан Аидгылатә ҳәынҭқарра аҳәаақәа ирҭагӡаны аинтеграциа арҭбаара. Аганқәа 31 проект аус рыдырулахьеит аха апрограмма макьаназ ирыдрымкылацт.

Аиашьаратә тәыла

Лукашенко аҵыхәтәантәи аамҭазы Москва аганахь даара иажәа ҟәандоуп. Иара иажәақәа рыла белоруссиатәи ауаажәлар еилыркааит Урыстәыла шакәу Минск азы еиҳа игәакьоу, аҭагылазаашьа уадаҩ аан зыбӷа реиазмырхаз.

"Ҭабуп аамҭа уадаҩ аан шәахьҳадгылаз. Ауаа рыхшыҩ аҿы шәара шәоуп иахьазы ииашьаратә тәыланы ицәырҵыз, урҭ ирбеит лабҿаба економикатә партниорны иаҳзыҟоу Урыстәыла шакәу", - иеиҳәеит иара Мишустин.

Рабочая поездка президента РФ В. Путина в Санкт-Петербург - Sputnik Аҧсны
Лукашенко иазгәеиҭеит Урыстәылеи Белоруссиеи рзеиԥш Ԥсадгьыл шеиқәирхо

Белоруссиа ахада убри аан иазгәеиҭеит, ареспублика иахьа изаиааир уаҵәазы Урыстәыла инеины ишнадгыло.

Ҩ-ганктәи аусеицура актуалтә зҵаарақәа дрылацәажәо Лукашенко иҳәеит, Белоруссиеи Урыстәылеи аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы иҟоу апроблемақәа акыр рыӡбра шрылдыршахьоу, уи адинамика ԥхьаҟагьы ишыҟоу иаанхап ҳәа дышгәыӷуа. Минск аинтеграциа амҩаԥгара иазыхиоуп, аха уи азы аусура иалагароуп Аидгылатә ҳәынҭқарра аинститутқәа зегьы ҳәа.

Аԥаратәи амчратәи цхыраара

Белоруссиа ахада Урыстәылаҟа иаара иахықәкы хаданы иҟоу ириеуоуп аԥаратәи амчратәи цхыраарааиура ҳәа азгәеиҭоит аполитикатә експертиза Жәларбжьаратәи аинститут адиректор Евгени Минченко. Убри аан Урыстәыла Лукашенко ихымҩаԥгашьа зегьы изадгылом.

Москва изныкымкәа иазгәанаҭахьеит ауаа агәынамӡара аадырԥшуа иқәгылазар, Лукашенко ахара иманы ирбоит, урҭ ирацәажәатәуп ҳәа. Минченко игәаанагарала урыстәылатәи аган Лукашенко адиалог апроцесс алагара идыргалоит.

Урыстәыла ахада иҿы иҟоу амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәа рзы Аилак алахәыла Богдан Безпалько игәаанагарала Лукашенкои Путины реиԥылараан аиҳарак излацәажәараны иҟоу ауал азҵаара ауп.

Урыстәылатәи аган акәзар аинтеграциа арҭбааразы "амҩатә хсаалақәа" анап рыҵаҩра азҵаара цәырнагар алшоит.

"Уаанӡа иазыԥхьагәаҭаз 30 зегьы ракәымзаргьы, ма рыхәҭак. Иаҳҳәап ашәахтәтәии аҳазалхратәи закәанԥҵарақәа рганахь ала. Аидгыларатә ҳәынҭқарра ҟалозар азакәанԥҵара аунификациа азутәхоит", - азиԥхьаӡоит аексперт.

Ажәабжьқәа зегьы
0