Урыстәылатәи аҵарауаа акоронавирус зхәыҽуа абиомолекулқәа аадырԥшит

© Sputnik / Павел Кононов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория для тестирования на коронавирус в Архангельской области
Лаборатория для тестирования на коронавирус в Архангельской области - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы акоронавирусхкқәа быжьба ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи ԥышьба иаабац ахьҭалалара еиԥшуп, егьырҭ ахԥа ауаҩы иԥсҭазаара ашәарҭа иҭадыргылоит.

АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. НИУ "Высшая школа экономики" аҵарауаа иаадырԥшит микроРНК молекулқәа. Дара ирылшоит акоронавирус хкқәа зегьы рыхәаҽра, SARS-CoV-2 аҩызагьы налаҵаны. Абри атәы аанацҳауеит ажурнал PeerJ.

Ауаҩы  икоронавирус хкқәа ԥшьба— HCoV-OC43, HCoV-NL63, HCoV-HKU1, HCoV-229E еицырдыруеит хьҭалаларак авирус аҳасаб ала, егьырҭ ахԥа — MERS-CoV, SARS-CoV, SARS-CoV-2 агәаҵәкреиԥш ишәарҭоу ачымазарақәа цәырнагоит.

Степан Нерсисиани Александр Тоневицкии зхадараҿы иҟоу аҵарауаа иаадырԥшит агенқәа рекспрессиаз аҭакԥхықәра зду микроРНКқәа ԥшьба.
Авирус ичмазаҩым ахыц ианҭанагалалак, ахыцҩныҵҟатә биомолекулақәа ирныруа иалагоит. Урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп микроРНКқәа, авирусқәа ррепликациа зхәаҽыр зылшо.

ИикроРНК ржәылара авирус алаҵәара ааннакылар алшоит. Реинырра ԥсыҽхар, арепликациа ашьаҽуеит. Иҟоуп авирусқәа микроРНК асаитқәа еидызҳәало. Урҭ ахыц аҿы аиммуннтә ҭак дыршьшьылаҳауеит.

Уи дара рзы иԥыжәароуп. Аимадаратә саит рацәа змоу авирусқәа еиҳа еиҿыҵуеит, евалиуциала аԥыжәара роуеит.

SARS-CoV зцәа иалоу аҳәынаԥқәа рҟны авируси микроРНКи реинырра ҭҵаауа аҵарауаа иаадырԥшит аҿкыра  аантә рыла hsa-miR-21-3p амолекула ишацнаҵаз.

Аҵарауаа ирыгәҭакуп експерименталла ргәаанагара шьақәдырӷәӷәарц иара убасгьы  иҳәаақәырҵарц микроРНК иԥсабаратәымкәа алагалареи алгареи авирус аизҳара ԥнакуоу иԥнамкуоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0