Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рҳәаа аадыртит

© Sputnik / Михаил Фомичев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОбстановка в Цхинвали
Обстановка в Цхинвали - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәаа ахысра аԥкырақәа рахыхра инадҳәаланы ареспубликаҿы ирӷәӷәахоит аепидимиологиатә уснагӡатәқәа.

АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи реиҳабыра аҳәынҭқаррақәа рыҩба рҳәаа аадыртит коронавирустә пандемиазы ианадыркы ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.

"Цәыббра 14 асааҭ 23.59 инаркны Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рҳәаа ахысра еиҭахацыркхоит уаанӡатәи арежим инақәыршәаны", - ҳәа аанацҳауеит Sputnik ахь атәыла аиҳабыра апресс-маҵзура.

Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин иара убасгьы инапы аҵеиҩит аҳәаа аартразы аусқәҵа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла апресс-маҵзура.

Уаанӡа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов аҳәамҭа ҟаиҵахьан ареспубликаҿы акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы аԥкырақәа ирзыхынҳәхар алшоит ҳәа.

Аҳәааҿы аамҭалатәи аԥкырақәа алагалан мшаԥы 13 рзы, нас акраамҭа иацырҵон. Ареспубликахь ихынҳәуаз ауаа рзы иаԥҵан ҩымчыбжьатәи акарантин. Нас, урҭ рзы арԥсыҽрақәа аԥҵан акоронавирус шрымам азы аршаҳаҭгақәа анроулак ашьҭахь.

Аепидемиа иаалагазар, Аахыҵ Уаԥстәыла авирус рыдбалан 90-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәеи Козаки Бабичи Москва аиԥылара мҩаԥыргеит
Ажәабжьқәа зегьы
0