Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аиба гуар азы: Аԥсны культурак аҳасабала уақәгәыӷыртә иҟалар ауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛесик Айба
Лесик Айба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афатәаалыҵи, анефҭыҵхратә ааглыхреи, аԥстәқәеи рзы рхы иадырхәо акультура гуар, Аԥсны ԥышәарак аҳасабла аарыхра иалагеит. Аҵиаа аҷыдарақәеи, араҟа ироуз алҵшәақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Ақыҭанхамҩатә институт аиҳабы Лиосик Аиба.
Аиба гуар азы: Аԥсны культурак аҳасабала уақәгәыӷыртә иҟалар ауеит

Гуар – аҟәыджәла иатәу ҳаскьынтә ҵиаауп. Ари акультура аиҳарак Индиеи Пакистани иаадрыхуеит. Уи агуартә камедь алырхуеит, аус анадырулалак ашьҭахь афатәааглыхраҿы рхы иадырхәоит аԥстәқәа рзы, иара убасгьы анефҭыҵхратә ааглыхраҿы.

"Ҵыԥх еиҭаҳҳаит ҳа ҳҟны, иалҵуа ҳбап ҳәа. Крымынтәи ажәла ахьынтәиааҳгаз асахьа ҭыхны ирзаҳашьҭит, ҳара ҳҟынгьы ажәла агәылҳхит еиҭах иҟаҳҵаразы. Шықәсык ала алҵшәа зеиԥшрахо аӡбара цәгьоуп. Аус адулатәуп, хышықәса рыла алҵшәақәа ангәоуҭалак, усҟан уалацәажәаратә иҟоуп ҿыӷәӷәала абри акы алҵуеит ҳәа",- иҳәеит Аиба.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0