АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik. Роспотребнадзор ахада Анна Попова РАН апрезидиум аилатәараҿы илҳәеит ачымазара зхызгаз ауаҩы ицәеижь аҿы акоронавирус 90 мшы рҟынӡа иаанхоит ҳәа.
"Ҳара ҳгәаҭарақәа рыла —48 мшынӡа инаӡоит, аҳәаанырцә 90 мшы рҟынӡа излаҽугьы ыҟоуп. Ауаҩы ишоура тәахьеит, ишьа цқьоуп, аха авирус ицәеижь иалоуп", - лҳәеит лара.
Амедицинатә наукақәа рдоктор, авирусолог Анатоли Альштеин иажәақәа рыла, бжьаратәла ауаҩы ҩымчыбжь дшәарҭоуп.
"Аха иҟалалоит авирус акраамҭа уцәа ианалахо. Усҟан уи иҩыза ауаҩы иҟынтәи аҿкы ашьҭкаара ауеит", - иҳәеит иара.
Аҽазнык амыхьразы гарантиа ыҟам, алаҵа ашьҭахьгьы ашәарҭара аанхоит иҳәеит Альштеин.
ВОЗ адыррақәа рыла адунеи аҿы иазгәаҭоуп авирус змоу 28,6 миллионҩык, COVID-19 иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵхьеит 917 000-ҩык.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>