Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәанчахәы ашаразы цәыббрамзатәи аграфик шьақәнаргылеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Сбербанк Абхазии
Сбербанк Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵәахырҭатә банк есымза урыстәылатәи атәанчахәқәа ршара аграфик аус аднаулоит. Цәыббрамзазы атәанчахәыҭара амҩаԥысшьа хылаԥшра арҭоит Урыстәыла Атәанчахәытә фонд аделегациа.

АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк цәыббрамзатәи аграфик шьақәнаргылеит атәанчахәы ашаразы ҳәа иҳәеит абанк анапхгара ахантәаҩы Роберт Агрба ателеилахәыра "Абаза-ТВ" аинтервиу аҭо.

"1940 шықәсанӡа ииз ҳтәылауаа атәанчахәы роуеит цәыббра 16 синаркны; 1941 - 1947 шықәсқәа рзы ииз цәыббра 21 инаркны; 1947 - 1950 шықәсқәа рзы ииз цәыббра 24 инаркны; 1951 - 1953 шықәсқәа рзы ииз цәыббра 28 инаркны; 1954 - 1956 шықәсқәа рзы ииз – жьҭаара 2 инаркны; 1957 шықәса рзы ииз жьҭаара 5 инаркны", - иҳәеит иара.

Роберт Агрба иазгәеиҭеит аграфик ала атәанчахәшара зеиҿыркааз атәы.

"Ауаа ирҭахуп атәанчахәқәа аамҭак ала ирзыршәаларц. Аха урыстәылатәи атәанчахәы амза 16-17 рзы иаауазар, иара 30 нызқьҩык рҟынӡа ироуеит, нас аԥсуа тәанчахәы ҟалар, уи 40 нызқьҩык раҟара ироуеит, иҟало шәазхәыц. Аамҭакала ари аҟара ауаа рымаҵ ҳзуӡом. Убри азы аамҭа-аамҭала еихаҳшеит", - ҳәа иҳәеит Агрба.

Микрофон - Sputnik Аҧсны
Арадио
Атәанчаҩы аԥҟара ҿыц ала атәанчахәы ашәаразы: ақыҭахь инаргалар бзиан

Роберт Агрба иажәақәа рыла, Аԥсны иааны иҟоуп Урыстәыла Атәанчахәытә фонд ахаҭарнакцәа, атәанчахәшара амҩаԥысшьа ахылаԥшразы.

Иалшоит аԥсуеи аурыс гани еилацәажәаны атәанчахәқәа уаанӡеиԥш абанктә картақәа рыла роура иалагар ҳәа иҳәеит Агрба. Аха макьаназы усеиԥш еиқәшаҳаҭра ыҟам.

Ԥхынгәымза анҵәамҭазы Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба адырра ҟаиҵеит нанҳәамза инаркны урыстәылатәии аԥснытәии атәанчахәқәа Аҵәахырҭатә банк акассақәа рыла ршара ишалаго.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0