Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьалԥҳа Тҟәарчал ауахәама аргыларазы: аргылаҩцәа русқәа амшцәгьа иннархоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМактина Джинджолия
Мактина Джинджолия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Тҟәарчал зыргылара иаҿу Евстафи Аԥсилтәи ихьӡ зху ауахәамаҿы аусурақәа шцо атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьынџьалԥҳа Евстафи Аԥсилтәи ихьӡ зху ауахәама аргылара иазкны

"Тҟәарчалтәи аргыларатә фирма ауахәама аус адызуло аусзуҩцәа ражәақәа рыла, аргылара актәи аетап иаҿуп, уи ауахәама ашьаҭа аҭарҭәароуп. Аргылаҩцәа рус нхоит араион аҿы лассы-лассы илеиуа ақәа иахҟьаны, аргылара аҭыԥаҿ аӡы ҭатәоит азы. Мызкы ҩымз ирылагӡаны раԥхьатәи ашьаҭа ҭадырҭәароуп, нас иалагоит ауахәама аҭӡамцқәа рышьҭыхра, ахыбра аҟынӡа инаргарц ргәы иҭоуп. Иҳамоу аԥарагьы уи аусқәа ирызхап ҳәа ҳгәы иаанагоит, аха уи аҳәара атәы цәгьоуп, аргылара аус уаналагалак акы аҽаԥсахыр ауеит", - еиҭалҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0