АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу аилкааразы игәаҭан 93-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 26-ҩык ачымазара шрылоу аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
"Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 73-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 72-ҩык ари адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа хьанҭоуп быжьҩык, ибжьаратәуп 19-ҩык. Ргәы бзиаханы ахәышәтәырҭаҟнытә иоушьҭуп ааҩык", - аҳәоит аацҳамҭа.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>