АҞӘА, цәыббра 17 – Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҟны иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 ахҭыс ҿыцқәа 93 шьақәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит атәылаҿацә ахадара.
Акоронавирус аарԥшын Ҟәбан амуниципалтә еиҿкаарақәа 18 рҿы.
"Краснодар ақалақь аҿы ачымаза рцәа ишалоу шьақәырӷәӷәахеит 41-ҩык. Гориачи Клиучи Крыловтәи араиони рҟны хәҩык-хәҩык ачымазцәа аарԥшуп. Кушьиовтәи, Кавказтәи, Апшеронтәи, Славиантәи, Каневтәи араионқәеи Новороссииск ақалақьи рҟны ԥшьҩык-ԥшьҩык. Павловтәи, Северсктәи, Калининтәи араионқәа рҟны акоронавирустә хҭысқәа хԥа-хԥа азгәаҭоуп. Анапа, Крымтәи, Белоречентәи араионқәа рҟны ҩба-ҩба. Выселковтәи, Бриуховецктәи, Тҟәаԥстәи араионқәа рҟны аӡәаӡәа пациент ыҟоуп", - ҳәа азгәаҭоуп аацҳамҭаҿы
Апандемиа ҟалеижьҭеи Ҟәбан зынӡа иаарԥшуп 12 751 коронавирустә хҭысқәа, урҭ рахьтә 862 – ахәыҷқәа рҟны. 10 069-ҩык апациентцәа ргәы бзиахахьеит, аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 52-ҩык рыҩныҟақәа иоурышьҭит. Рыԥсҭазаара иалҵит 231, иахьазы 37-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭаны иҟоуп.
Акоронавирус иазку аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>