Ашәахтәқәа рзы аминистрраҿ Гагра абиуџьет ахь ашәахтәнеиразы апроблема зыхҟьо рҳәеит

CC0 / / Налог
Налог  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, аиҳабыра, аминистрцәа, Гагра араион ахадара рхаҭарнакцәа злахәыз аилатәара мҩаԥган цәыббра 17 рзы. Аиԥылараҿы иалацәажәан араион абиуџьет ахь ашәахтәқәа рнеира апроблема.

АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik. Гагра араион аҿы ашәахтәқәа реизгара апроблема зыдҳәалоу мзыз хадас иҟоу 2020 шықәса рзы аԥхынтә курорттә сезон ахькьаҿхаз ауп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аинспектор хада Едгар Бениа.

Президента Аслана Бжания в Гагрской Администрации - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа Гагра ашәахтәқәа рымшәара апроблема еилыргазарц адҵа ҟаиҵеит

"Апроблемақәа зегьы апандемиа иахҟьеит ҳәа ҳазҳәом, аха усгьы уи азгәаҭамзар ҟалом. Абиуџьет ахь алагала хадақәа акурорттә усхк аобиектқәа русуроуп изыдҳәалоу. Уаанӡа асезон лаҵарамза инаркны жьҭаарамзанӡа имҩаԥысуан. Ауал акәзар – ари маҷ-маҷ еизаз ауп.  Иахьагьы иҟоуп уи ауал ззымшәо аиҿкаарақәа. Ашәахтә хылаԥшра амацара уи алшоит ҳәа узҳәом", - иҳәеит иара.

Бениа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, араион аҿы активла аусурақәа шцо абиуџьет ацәыӡқәа иахьынӡалшо еиҵатәхарц ҳәа.

"Иалшо зегь ҟаҳҵоит – рыԥхьаӡамҭақәа аҳаркуеит, ауал шыршәо азы ахәдықәҵара зуа алаҳкаауеит. Асеиԥш ада ауал категориак аҟынтәи аҽа категориак ахь ииаслоит", - иҳәеит иара.

Аинспектор хада иазгәеиҭеит араион аҿы ашәахтәқәҵараҿ иазԥхьагәаҭам 600 наплакы ахәаахәҭратә, абизнес маҷ, аԥсшьаҩцәа рыдкыларҭа аобиектқәа роуп ҳәа.

"Гагра араион аҿы иҷыдароуп аобиектқәа ашықәс зегьы русмура. Акурорттә сезон азоуп аусурақәа анымҩаԥысуа. Ашәахтәқәагьы еиԥшым. Иуадаҩуп абизнес ахьазԥхьагәаҭамыз азы иҟалаз ацәыӡ ашьақәыргылара. Уажәы абри ахырхарҭала аусурақәа цоит. Ԥыҭрак ашьҭахь алҵшәақәа еилҳаргоит", - иҳәеит аинспектор хада.

Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, уаанӡа иҭаҩыз 600 обиект ашәахтәқәа цәыббрамза нҵәаанӡа ирымхтәуп. Абри аҩыза анапынҵа Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра иаиҭеит Аслан Бжьаниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0