Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны даҽа 56-ҩык акоронавирус шрылаз аадырԥшит

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на антитела к коронавирусу
Тестирование на антитела к коронавирусу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус 995-ҩык ишрыхьхьоу аарԥшуп. Урҭ рахьтә 285-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, быжьҩык акоронавирус зыхьуаз рыԥсҭазаара иалҵит.

АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik. Аԥсны даҽа 56-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб. 

"Цәыббра 21 рызтәи аҭагылазаашьала иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы игәаҭан 173-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә адиагноз COVID-19 рзышьақәдырӷәӷәеит 56-ҩык", - ҳәа аарыцҳауеит аоперштаб аҟынтәи.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 101-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 99-ҩык ари адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа хьанҭоуп фҩык, ибжьаратәуп 15-ҩык. Ргәы бзиаханы ахәышәтәырҭаҟнытә иоушьҭуп хәҩык апациентцәа.

Ахыԥхьакырҭаҟынтәи иоушьҭуп 25-ҩык ауааԥсыра.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0