Сақаниа "Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа. Агәалашәара" азы: ҩ-еибашьрак еидкыланы уажәада иӡырҳамгацызт

© Sputnik / Томас ТхайцукСурам Сакания
Сурам Сакания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә милаҭтә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҟәа аус зуа ҩ-еибашьрак еидызкылаз ацәыргақәҵаҿы иӡыргоу аусумҭақәа ртәы.
Сақаниа "Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа.Агәалашәара" азы: ҩ-еибашьрак еидкыланы уажәада иӡырҳамгацызт

Аҟәа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵатә Зал аҿы аус ауеит "Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа. Агәалашәара" ҳәа хьӡыс измоу ацәыргақәҵа. Уи азкуп 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира амши 1941-1945 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира амши.

АЦәЗ аҿы иаздырхиоит ацәыргақәҵа Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа. Агәалашәара. аекспозициа - Sputnik Аҧсны
АЦәЗ аҿы иаздырхиоит ацәыргақәҵа "Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа. Агәалашәара." аекспозициа

"Иҳаӡбеит иахьа зыԥсы ҭаны иҳамоу асахьаҭыхыҩцәеи, асахьатә галереиаҿы зусумҭақәа ҵәаху асахьаҭыхыҩцәеи рсахьақәеи ицәырган ауаа идҳарбарц. Хыԥхьаӡарала 15-ҩык инархыҳәҳәо русумҭақәа ҳамоуп. Сергеи Габелиа, Хәыта Аҩӡба, Тариел Амԥар уҳәа русумҭақәа ԥыхьаӡа зны иааҳхәахьаз. Ус еиԥш иҟоуп Сергеи Ҵәыџь иусумҭа, "1942" ҳәа хьӡыс измоу, иара ҵакылагьы ԥшшәылагьы даара ишьахәуп, абас ирацәоуп ари атематика иадҳәалоу аусумҭақәа. Иҳамоуп 50 шықәса инарҭысхьоу аусумҭақәагьы. Иаҳҳәап, Тариел Амԥар иусумҭа, Сергеи Габелиа уҳәа. Еиҭа аԥхьаҟа атәы ҳҳәозар, усҟан аусумҭақәа раахәаразы агалереиа аганахьала аусура иаҳа иԥсыҽны имҩаԥысуан, убри аҟнытә еиҳарак 60-тәи ашықәсқәа аԥсуа асахьаҭыхыҩцәа бзианы ианааиҵагылаз аамҭазы иаахәаз ауп иӡыргахо ацәыргақәҵаҿы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сақаниа.

Ацәыргақәҵа "Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа. Агәалашәара" мҩаԥысуеит Акультура аминистрра адгыларала. Аиҿкааҩцәа: Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла, Аҳәынҭқарратә милаҭтә галереиа.

Ацәыргақәҵа аус ауеит жьҭаара 8 рҟынӡа. Апроект аинформациатә дгылара анаҭоит Sputnik Аԥсны.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0