Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ашьха Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьазы ааԥхьара ҟанаҵеит

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в зоне карабахского конфликта
Ситуация в зоне карабахского конфликта - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аерман-азербаиџьантә конфликт ҩаԥхьа аҽарҿыцит амҽыша ашьыжь. Ермантәылеи Ашьха Ҟарабахи аибашьратә ҭагылазаашьеи азеиԥш мобилизациеи рылаҳәоуп.

АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аерман-азербаиџьантә конфликт ҩаԥхьа аҽахьарҿыцыз агәҭынчымра шазцәырнаго азы аҳәамҭа ҟанаҵеит.

"Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адунеижәларбжьарахь ааԥхьара ҟанаҵоит Ареспублика Арцах (ашьха Ҟарабах – аред.) иаҿагыланы имҩаԥысуа агрессиа аанкылазарц, арегион аҟны бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара иахьынӡауа иаԥдырҟәҟәаарц", - ҳәа азгәаҭоуп аминистрра асаит аҟны икьыԥхьу аҳәамҭаҿы.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы агәрагара аадырԥшит уажәазы иҟоу, жәларбжьаратәи азхаҵара змоу амеханизм – ОБСЕ иатәу Минсктәи агәыԥ ала аконфликт аҭышәныртәалара альтернатива шамам.

Военнослужащие вооруженных сил Азербайджана - Sputnik Аҧсны
Ермантәылеи Азербаиџьани рҳәааҿы аиҿагыларақәа ирыхҟьаны аԥсыҭбарақәа ыҟоуп

Цәыббра 27 ашьыжь Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Ермантәыла Арбџьармчқәа Ҟарабх аинырратә цәаҳәала иҟоу анхарҭақәа ирылахысит ҳәа. Дара урҭ адыррақәа рыла, атәылауаа рыбжьара иҭахаз ыҟоуп. Ермантәыла Арбџьармчқәа ишырҳәаз ала, Ҟарабах "аҳауантәи аракетақәа рылеи иажәлеит". Ереван ирҳәеит Бақәа "ҳажәло иалагеит" ҳәа, ҟарабахтәи ахырхарҭала. Иазхаҵам Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспубликаҿы адырра ҟарҵеит, артиллериала ишреихсыз аҭынч уааԥсыра рынхарҭақәа, аҳҭнықалақь Степанакертгьы уахь иналаҵаны. Аиҳабыра ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵеит рҽыԥхьаркырц, уи ашьҭахь Ҟарабах аибашьратә ҭагылазаашьеи амобилизациеи рыларҳәеит. Аибашьратә ҭагылазаашьеи амобилизациеи рыларҳәеит иара убас Ермантәылагьы. Бақәа акәзар, амобилизациа аҭахны иҟам рҳәеит, ҳар зегь рыла еиқәшәоуп ҳәа. Аҳәынҭқаррақәа жәпакы, Урыстәылеи Франциеи назлоу, аганқәа рыҽныркыларц абжьгара ҟарҵоит.

Ҟарабах аконфликт ахы акит 1988 шықәса жәабранмзазы, Ашьха-Ҟарабахтәи автономтә област Азербаиџьантәи ССР ишалҵуа азы аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь. 1992-1994 шықәсқәа рзы ицоз бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылараан Азербаиџьан анапаҵаҟа иҟаз Ашьха Ҟарабахи уи иадыз быжь-раионки рҟны амчра ацәыӡит. 1992 шықәса раахыс аконфликт ҭынчра мҩала аҭышәныртәаларазы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит Минсктәи агәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны – уи ахантәаҩцәас иҟоуп х-тәылак: Урыстәылатәи Афедерациа, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Франциа. Азербаиџьан ҳҵакырадгьылтә акзаара еиқәырхазароуп ҳәа рҽадцаланы ишырҳәац ирҳәоит. Ермантәыла акәзар, иазхаҵам Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика аинтересқәа ирыдгылоит, избан акәзар Ҟарабах аконфликт азганк аҳасабала аиҿцәажәарақәа ирылахәым.

Ажәабжьқәа зегьы
0