АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik. Аԥсны иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус зыхьуа рхыԥхьаӡара даҽа 46-ҩык рыла еиҳахеит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
"Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа амазааразы игәаҭан 160-ҩык атәылауаа, урҭ рахьтә адиагноз COVID-19 рзышьақәыргылан 46-ҩык", - ҳәа аанацҳауеит аоперштаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 120-а апациентцәа, урҭ рахьтә COVID-19 адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп 117-ҩык, рҭагылазаашьа хьанҭоуп 14-ҩык, ибжьаратәуп 27-ҩык.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>