Апсихотроптә маҭәашьарқәа Аԥсныҟа ралагаларазы ахаҵа даанкылоуп

© Sputnik / Алексей Вовк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСуд над журналистом В. Муравицким в Житомире
Суд над журналистом В. Муравицким в Житомире - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ауаҩԥсы даанкылоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы зыҭира ҟамло апсихотроптә маҭәашьарқәа рыҵәахреи Аԥсныҟа ралагаларази рзы.

АҞӘА, цәыббра 29– Sputnik. Аԥсны ААР Ашьаусԥшаара аусбарҭа аусзуҩцәеи Гагра араион ААР Цандрыԥшьтәи амилициа аҟәша аусзуҩцәеи Аԥсны ААИ апост "Ԥсоу" аҿы дааныркылеит Гагра араион ауаҩԥсы.

Расфасованное в свертки наркотическое вещество метадон  - Sputnik Аҧсны
Афон ҿыц иаанкылоуп Аԥсныҟа иааргахьоу рахьтә аметадон иреиҳаӡоу апартиа

Аслан Чиковани зыԥсҟы икыз автомашьына агәаҭара ахыжьраан амашьына аԥхьатәи ашә акәыршаҿы иԥшаан асигареҭтә ҭоԥ иҭаҵәахыз, ззин ыҟам анаркотикатә маҭәашьар ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

"Ашьаус аматериалқәа инарықәыршәаны атәылауаҩ Аслан Чиковани, 1991 шықәса рзы ииз, Урыстәыла аҵакыраҿы иҟазаараан иааихәеит Аԥсны аҵакыраҿы зыҭира ҟамло анаркотикатә маҭәашьар "Прегабалин", закәаншьаҭадагьы Аԥсны аҵакырахь иалеигалеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аслан Чиковани иганахьала Аԥсны арратә прокуратура ашьаус хацнаркит. Иара Атәылахьчара аминистрра агауптвахтаҿ дҭакуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0