Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ԥарлиа Бабышьра амҩа акаҭран ақәҵара атәы
"Ари амчыбжь азы акаҭран ақәҵара иаҿуп ҩыџьараны, километрак инацны иаҳзықәырҵахьеит. Иҟарҵо бзиоуп, ажәлар ргәы иахәеит, иҭабуп ҳәа раҳҳәоит зегьы ари зыбзоурахаз. Иахьатәи аамҭазы хар ҳамаӡам. Ҵыԥх аҳаирбаӷәаза аԥхьа ииасуа Коӷониа имҩаду х-километрак инацны иқәырҵеит, сынтәагьы километрак еиҳаны. Иахьатәи аамҭа ҳазҭагылоу азы ҳазхашшаауа ҳәа ус уадаҩра ҳамаӡам", - иҳәеит Ԥарлиа.
Иара убасгьы дазааҭгылеит аӡы аганахьала ақыҭақәа рҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.