Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 8 945 коронавирус хҭыс ҿыц аарԥшуп

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНовые машины скорой помощи получены Новосибирской областью в рамках борьбы с коронавирусом
Новые машины скорой помощи получены Новосибирской областью в рамках борьбы с коронавирусом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зынӡа иахьазы Урыстәыла 85 регион рҿы ачымазара ҿкы рыдбалоуп 1 185 231-ҩык.

АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Урыстәыла аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла  8 945 коронавирус хҭыс ҿыц аарԥшуп ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҽацәыхьчаразы Москва ақалақь аоперштаб.

Урҭ рҟынтәи 27,1% ачымазара аклиникатә ҟазшьа рыдбаламызт.

169-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, 5 985-ҩык ргәы бзиахеит. Зынӡа иԥсхьоу рхыԥхьаӡара 20 891-ҩык инаӡоит, згәы бзиахахьоу – 964 242-ҩык.

Иахьазы Аԥсны авирус рыдбалоуп 1458-ҩык. Ргәабзиара шьақәгылахьеит 530-ҩык, 11 ԥсыҭбара ыҟоуп.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0