"Ҳамчқәа азымхар ҟалоит": Анқәаб ауаажәлар аԥкрақәа ирықәныҟәарц иааиԥхьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса
Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа жьҭаара 5 инаркны акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа ралагаларазы ақәҵара инапы аҵаиҩит.

АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб ареспублика ауаажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵоит аԥкрақәа ирықәныҟәарц, COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара иазҳар иҟоу амчқәа азымхар ҟалоит ҳәа иԥхьаӡаны.

Александр Анқәаб иажәақәа рыла, аепидемиа аҽарҭбаар, амилаҭтә гәабзиарахьчаратә система уи аҿагылара иазыхиам. Иара иҳәеит атәылаҿы ишазымхо аҟазауаа-авирусологцәа, аинфекционистцәа, ареаниматологцәа уҳәа егьырҭгьы.

"Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иаҳнаҭо ацхыраара азԥхьагәаҭангьы, ачымазара планы идәықәлар, иҟоу амчқәа азымхар алшоит. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иахьазы иалшо зегь ҟанаҵоит, уахь ааԥхьара зауз аҳақьымцәа аус шыруагьы, аҭагылазаашьа цәгьоуп", - ҳәа иҳәеит Анқәаб.

Аиҳабыра рхада атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит жьҭаара 5 инаркны иалагалахо аԥкрақәа аилкаара аарԥшны ирызнеирц: ачарақәа, амассатә уснагӡатәқәа, аԥсыжра дуқәа мҩаԥырымгаларц.

Школа номер 4 - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ашколқәа руаки ахәыҷбаҳчақәа хԥеи рҟны акарантин иацҵахоит

"Ҳара ҳмилаҭ ҟазшьас иамоуп ацәгьара иақәшәаз ивагылара. Ус иҟан еснагь. Аха иахьатәи аҭагылазаашьа даҽакуп. Иахьа зыԥсы ҭоу ианрызхәыцтәу аамҭахеит. Урҭ рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭаҳмыргылап", - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥыза-министр иазгәеиҭеит Аԥсны амчрақәа ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа рҟны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ишашьклаԥшуа, иахәҭаны иҟоу аусқәа зегь шрыдыркыло.

Иара убасгьы иҳәеит Аԥсны атуристтә сезон шымҩаԥысуа, жьҭаарамзагьы аҵанакыр шауа.

Аиҳабыра рхада астатистикатә рбагақәа ааго иҳәеит 10 000-ҩык рҟынтәи 62-ҩык шычмазаҩу, аԥсыҭбарақәа 0,8% шыҟоу ишьақәыргылоу 1590-ҩык ачымазцәа рҟынтәи.

Иахьазы 13070 ҭҵаара мҩаԥгоуп.

Иҭҵаауп 10 322-хаҿы. Ичмазаҩу анаҩстәи ақалақьқәеи араионқәеи ирыҵаркуеит:

  • Аҟәа - 72%,
  • Гәдоуҭа араион – 12%,
  • Гагра араион – 6%,
  • Очамчыра араион – 5%,
  • Тҟәарчал араион – 2%,
  • Гәылрыԥшь араион – 1%,
  • Гал араион – 0,6%.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0