"Автобус ныҟәаӡом, иаанкылоуп. Амашьына ахаҭа аремонт аҭаххеит, аҩбатәи – амашьынарныҟәцаҩ иус аанижьит, ицәгьоуп еснагь ацара-аара. Макьана аӡәгьы даҳзымыԥшаацт. Автобус ҟаҳҵоит уи уамак ҳадхаларым, аха амашьынарныҟәцаҩ иԥшаара аус уадаҩхеит. Еснагь аграфик иақәшәо ицаны иаало даҳзымыԥшаацт. Ицәгьоуп автобус хәба-фба сааҭ ауаа ақәыртәан ашьха аҿалара. Жәохәымш ҵуеит имныҟәоижьҭеи амашьына. Уажәы Аҟәа автобустә парк аиҳаби сареи аицәажәарақәа ҳарҽуп, сгәы иаанагоит уахь узго амҩақәа аркхаанӡа ҩынтәҟа автобус ҳашьҭып ҳәа. Ауаа рымҩангара ас еиԥш иҟоу амҩаҿы аҭакԥхықәра дуӡӡа ацуп, уи зегьы ирылшом, убри аҟнытә ари азҵаара игәцаракны иазнеитәуп", - ҳәа еиҭеиҳәет Ҷыҭанаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҭоурыхтә мшы: Ԥсҳәы-Аҟәа амаршрут аусура иалагеит