Аурыс драматә театр афестивальқәа, онлаин-проектқәа, аԥхьарбарақәа ҩба

© Sputnik Русдрам
Русдрам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр адиректор Иракли Хынҭәба 39-тәи асезон аихшьаалақәеи аԥкыра ҿыцқәа раамҭаан атеатр аусура аиҿкаашьеи ртәы далацәажәеит.

Иракли Хынҭәба иара убасгьы дрылацәажәеит иааиуа амзақәа рызтәи рыпланқәа ртәы.

Илана Амқәабԥҳа, Sputnik

Аихшьаалақәа ҟаҵо

Апресс-конференциа аартуа РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба далацәажәеит имариамыз 39-тәи атеатртә сезон.

Лорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы - Sputnik Аҧсны
Ишьаарҵәыроу ачара: Лорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы

"Ҳара иҳалҳаршеит хымзи хымзи бжаки еиҵахарыда ахгара. Есыҽны аспектакльқәа цон уҳәар ауеит. Ахәаԥшыҩцәа рацәаҩны иаҳҭааит", - иҳәеит иара.

Хынҭәба иазгәеиҭеит 103 репертуартә спектакль ишыхәмарыз. Макьанагьы асезон нҵәаанӡа урҭ рхыԥхьаӡара 106 рҟынӡа ишнеиуа.

Хынҭәба ишиҳәаз ала, жьҭаара 7 рзы иаатуеит Фазиль Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа". Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны раԥхьаӡа акәны идырбахоит Аслан Галазов икиносахьа "Чик ихәыҷра", иара Аԥсны иҭыхын. Афестиваль мҩаԥгахоит Аԥсны акультура аминистрра адгыларала.

Асезон аркхоит жьҭаара 15 рзы аспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара" ала. Иара анхыркәшахалак ашьҭахь ахәаԥшцәа рыбжьыҭирала иалкаахоит аиааиҩцәа.

"Сынтәа ирацәан аԥхьарбарақәа: "Авантиурист имшынҵа", "Електра", "Оскар", "Буратино ихҭысқәа", "Ишьаарҵәыроу ачара", "Зегьы рцасҳәа агәырӷьара", - иҳәеит РУСДРАМ адиректор.

Абжьыҭиразы РУСДРАМ асаит аҟәша ҷыдаҿы абжьыҭара ҟалоит иалыркааз артистцәа, арежиссиорцәа, асахьаҭыхыҩцәа иара убасгьы аспектакль рыӡбахә рҳәаразы.

Иззыԥштәузеи асезон ҿыц аҿы

2020 шықәса нҵәаанӡа 40-тәи асезон аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩ-ԥхьарбарак мҩаԥысраны иҟоуп.

Русский Драматический театр  - Sputnik Аҧсны
РУСДРАМ амиузикл "Иисус Христос - суперзвезда" YouTube ала иднарбоит

Жьҭаара 30-31 рзы имҩаԥгахоит амоноспектакль "Ацынҵәарах" аԥхьарбара. Хынҭәба иажәақәа рыла, ари даара аинтерес зҵоу усмумҭоуп.

Аҩбатәи аспектакль – Милана Ломиаԥҳа лмоноспектакль ауп. Арежиссиор Мариа Романова. Иара ддырбоит абҵарамза анҵәамҭазы.

Иазырхиоуп даҽа ҩ-проектк. Руак, Антон Чехов изку, мҩаԥгахоит арт-фое аҿы. Аҩналара хәыда-ԥсадоуп.

Аҩбатәи апроект онлаин аформат ала имҩаԥысуеит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазкуп. Россотрудничество ацхыраарала иаԥҵоуп, Александр Твардовски ипоема "Васили Тиоркин" иалхуп.

Аԥкрақәеи атеатр аусуреи

Иракли Хынҭәба иазгәеиҭеит рпланқәеи атәылаҿ иҟалар зылшо аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи шеидҳәалоу.

Жьҭаара 5 инаркны иалагалахоит амассатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы аԥкрақәа, акультуратә уснагӡатәқәа уахь ишаҵанамкуагьы, азал рҭәны аспектакльқәа рымҩаԥгара залшом.

"Аспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара" жьҭаара 15 рзы иқәыргылахоит. Азал аҿы аҭагылазаашьа ҷыдақәа инарықәыршәаны ахәаԥшыҩцәа ртәара еиҿкаахоит. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит атеатр ахь иаҳзааиуа цәшәарак рымамзарц азы", - иҳәеит адиректор.

Иазԥхьагәаҭоуп хыԥхьаӡара рацәала агастрольқәа, аха урҭгьы аҭагылазаашьа шыҟало иадҳәалахоит. Жьҭаара 9 рзы атеатр Липецкҟа амҩа иқәлоит, жьҭаара 11 рзы Лев Толстои ихьӡ зху Академиатә театр аҟны ахәаԥшыҩцәа иддырбоит "Кьиоџьаа рҭыӡшәа".

"39-тәи асезон аихшьаалақәа ҟаҵо, ҳара уаҵәтәи амш ҳазхәыцуеит. Напхгаҩык иаҳасаб ала ибзианы еилыскаауеит акраамҭатә планқәа разгәаҭара ишаамҭам", - иҳәеит Хынҭәба.

Ажәабжьқәа зегьы
0