АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа урыстәылатәи иколлега Владимир Путин имшира идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.
Бжьаниа иазгәеиҭеит Путин "милаҭтә фырхаҵак иаҳасабала Урыстәыла аинтересқәеи уи жәларбжьаратәи аилазаараҟны иҟанаҵо анырреи акыршықәса ишихьчо, миллионҩыла Урыстәылеиԥш егьырҭ атәылақәа жәпакгьы ҳаҭыр-пату ду шиқәырҵо".
"Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ҳтәылауаа ԥхьаҟатәи рабиԥарақәа ҵәатәышьаҟаны ирзыҟалаша Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара, арегионалтә шәарҭадара арӷәӷәара, ҳажәларқәа рыбжьара акультуратәи агуманитартәи еимадарақәа рызҵаарақәа ирышәҭо азхьаԥшразы", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Аԥсны ахада Владимир Путин изеиӷьеишьеит агәабзиара зҩыда, иҳәынҭқарратә ус аҿы ақәҿиарақәа, Урыстәыла иқәынхо ажәлар – аҭынчреи аизҳазыӷьареи.
Владимир Путин диит жьҭаара 7, 1952 шықәса рзы Ленинград.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Бжьаниеи Путини Аиааира 75-шықәса ахыҵра рыжәларқәеи дара-дареи ирыдибаныҳәалеит