Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мышәба аколлеџь иаиуз амаруга ҿыцқәа рзы: аҵаратә процесс иақәшәо алабораториа ҳауит

© Sputnik / Томас ТхайцукДжумбер Мушба
Джумбер Мушба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь аиҳабы Џьумбер Мышәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аколлеџь иаиуз амаруга ҿыцқәа ртәы, урҭ хархәашьас ирымоу.

Европатәи аидгылеи Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аҿиара апрограммеи еицеиҿыркааз аус иабзоураны Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь еиқәыршәоуп ахәыҟаҵарҭатә лабораториа ҿыцла.

 

Мышәба аколлеџь иаиуз амаруга ҿыцқәа рзы: аҵаратә процесс иақәшәо алабораториа ҳауит

"Аколлеџь аибашьра ааилгеижьҭеи аус ауеит, усҟан зда ԥсыхәа амамкәа еиқәҳаршәаз ала ҳалагеит. Иахьа ҿыц иааҳартит алабораториа, ауада аремонт ҟаҵоуп. Афымцатә цәаҳәақәа зегьы ԥсахуп, аӡқәа ртәгьы ус. Амаругақәа ракәзар, ишахәҭаз еиԥш зегьы аагоуп, архьшәашәага ҿыцқәа, апечкақәа, аҳәызба инаркны зегьы рыла хаиқәшәоуп ҳҳәаратәы ҳаҟоуп. Анапынҵа анҳау ишәҭаху еиқәшәыршәа ҳәа, зегьы рсиа ҟаҵаны ираҳҭеит. Иахьа зегь рыла еиқәыршәоу, аҵаратә процесс иақәшәо ахәыҟаҵарҭатә лабораториа ҳамоуп ҳәа уҳәаратәы иҟоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Мышәба.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0