Урыстәылатәи аԥшыхәцәа "аӷа" игәыԥ ҭадырхеит

© Foto / пресс-служба Южного военного округа Урыстәылатәи аԥшыхәцәа "аӷа" игәыԥ ҭадырхеит
Урыстәылатәи аԥшыхәцәа аӷа игәыԥ ҭадырхеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зынӡа ауснагӡатә иалахәын 300-ҩык инарзынаԥшуа Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруаа.

АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруаа Аԥсны ашьхараҿы иҭадырхеит "аӷа" игәыԥ ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аруаа иаадырԥшит "аӷа" илагер ахьыҟаз аҭыԥ аполигон Ҵабал аҿы, акоординатқәа еимадаратә хархәагала акомандаҟаҵаратә пункт ахь инашьҭын.

Алагер иаарласны иакәшан. "Аӷа" дҭархан ҳаамҭазтәи атехникатә хархәагақәа рыла, аԥшыхәратә комплекси, аимадаратә хархәага (КРУС) "Стрелеци" налаҵаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0