Аԥснынтә Урыстәылаҟа амашьынақәа аамҭала иаларгалар ҟалоит 2021 шықәса хәажәкыра 31-нӡа

© SputnikАвтомобиль
Автомобиль - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡбра рыдкылоуп акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы аԥкыратә уснагӡатәқәа инарыдҳәаланы.

АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Ахатә хархәаразы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа автомашьынақәа аамҭала ралагалара аҿҳәара 2021 шықәса хәажәкыра 31-нӡа инахоуп ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа.

Осень в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Автомашьынақәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аамҭала ралагалара аҿҳәара цәыббра 30 рҟынӡа инахоуп

Ари аӡбрахь иаҵанакуеит хәажәкыра 1 инаркны имҩаԥгоу алагалара.

Апандемиа инадҳәаланы аамҭала алагалара апроцедура ззымҩаԥымгаз атранспорттә хархәагақәа зхатәу руалԥшьа анагӡара рылшоит 2021 шықәса хәажәкыра 31-нӡа.

2021 шықәса хәажәкыра 31-нӡа иаанкылоуп ЕАЕС нхара ииасуа, ма ахҵәацәа, ма зҭыԥ ахыҵра зықәшәаз аҳәаанырцәуааи ахаҿқәеи рхатә мазара Евразиатәи аекономикатә еидгыла аҳазалхратә ҵакырахь баџьдатәи ралагалара аԥыжәара.

Аамҭала ахатәхархәаразы атранспорттә хархәагақәа ралагалара аҿҳәара анахара мҩаԥыргоит аҳазалхратә маҵзуратә уаа ахатәхаҿқәа хаҭала аҳазалхратә постқәа рахь рнеирада.

Ажәабжьқәа зегьы
0