Урыстәыла COVID-19 ахҭысқәа уахыки-ҽнаки рыла уаанӡа иаадырԥшхьаз раасҭа еиҳахеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМашины скорой помощи у больницы в Коммунарке
Машины скорой помощи у больницы в Коммунарке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы Урыстәыла иахьаҵанакуа COVID-19 рыдбалоуп 1 272 238-ҩык.Иахьазы Урыстәыла иахьаҵанакуа COVID-19 рыдбалоуп 1 272 238-ҩык.

АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла 12 126 COVID-19 хҭыс ҿыц аҭыԥ аман. Ари лаҵарамзатәи арекорд иаԥнагеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Москва аоперштаб адыррақәа шьаҭас иганы.

Иахьазы Урыстәыла иахьаҵанакуа COVID-19 рыдбалоуп 1 272 238-ҩык. Ачымазцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 1% рыла иацлеит.

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла арегионқәа 85 рҿы 12 126 COVID-19 ковид хҭыс ҿыц аҭыԥ аман. 3 272 (27,0%) клиникатә ҟазшьак рымамызт", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова уаанӡа лаҵара 11 реиҳа акоронавирус аҽанаҟьаз арыцхә ауп ҳәа азгәалҭахьан. Усҟан ичмазаҩхаз рхыԥхьаӡара 11 656-ҩык ыҟан.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0