АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу агәаҭаразы атестқәа рзыҟаҵан 230-ҩык, урҭ рахьтә COVID-19 адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп 87-ҩык ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 163-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 158-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп. Зҭагылазаашьа бааԥсу апациентцәа - 21-ы, зҭагылазаашьа бжьаратәу 29-ҩык ыҟоуп, ирхәышәтәны иоурышьҭит 15-ҩык апациентцәа.
Зынӡа Гәдоуҭатәи агоспиталь жьҭаара 10 рзы иҭашәеит 23-ҩык чымазаҩ.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>