АҞӘА, жьҭаара 12 – Sputnik. Астратегиатә коммуникациақәа рзы Аԥсны ахада иабжьгаҩ Ренат Қарчаа арадио Sputnik аинтервиу аҭо далацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара шьаҭас иҟаҵаны азеиԥш социал-економикатә ҵакыра аиҿкаара Апрограмма апроект азырхиаразы иаԥҵоу аусутә гәыԥ имҩаԥнаго аусурақәа ртәы.
"2014 шықәса абҵарамзазы Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара нап аҵаҩын аусеицуреи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра. Еишьашәалам азакәанԥҵарақәа рыпроблема иахьа ахы унарбоит. Уи гәыгәҭажьын уаанӡа. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны иара иазоужьын хышықәса аамҭас. Ахыдҵақәа нагӡалатәуп, аиҳаракгьы аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа иаԥырҵо ахыдҵақәа", - иҳәеит иара.
Убри азы атәыла ахада Аслан Бжьаниа аусутә гәыԥ аԥҵаразы аусдҵа инапы аҵаиҩит.
"Акомиссиа иаусуроу ажәалагалақәа аус рыдулароуп. Иҟоуп урыстәылатәи аплан аверсиа, иҟоуп Аԥсны аиҳабыра рверсиа. Аха аплан акәым аус злоу. Ихадароу – аҵакоуп", - ҳәа иҳәоит Қарчаа.
Иара убри аан иазгәеиҭоит урыстәылатәи аплан ажәалагалақәак аԥсуа ган, аԥсуа уаажәларраҿы ишрыдрымкылаз.
"Арахь иаҵанакуеит аҳәаанырцәуаа еиҭамҵуа амазарақәа раахәара азин рыҭара азҵаара. Аурыс ган аенергетика, аенергетиказ азакәан урыстәылатәи аинвесторцәа Аԥсны аенергетикатә џьармыкьа алалараз ауадаҩрақәа рнаҭоны иахәаԥшуеит. Зынӡа ажәалагалақәа 46 ыҟоуп. Ара имаҷым Урыстәыла аасҭагьы Аԥсны аинтересқәа ззызрымоу апунктқәа", - ҳәа иҳәоит иара.
Аԥсни Урыстәылеи стратегиатә партнерцәақәак рыҳасабала азҵаарақәа рыӡбышьа амҩақәа рыԥшаауеит ҳәа азгәеиҭоит Қарчаа.
"Аԥсны иахьа аинвестициақәа, аџьармыкьатә економика аҿиара аҭахны иҟоуп. Абри аганахь ала азакәанԥҵара макьаназ иахәҭоу аҟны анеира акрагуп. Урҭ риашалатәуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аусутә гәыԥ ахантәаҩыс даҭоуп ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа. Иара аилазаара жәаҩык рыла ишьақәгылоит. Арахь иҟоуп аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа, аиустициа аминистр Анри Барцыц, Апарламент адепутатцәа, аполитикатә усзуҩцәа.
2014 шықәса абҵара 24 рзы Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа рнапы аҵарҩит аусеицуреи астратегиатә партниорреи рзы аиқәшаҳаҭра. Иара инақәыршәаны иазыԥхьагәаҭан адәныҟатә политика аиуаныршәалара, атәылахьчареи ашәарҭадареи рзеиԥш ҵакыра аԥҵара иара убасгьы асоциал-економикатә зеиԥшҵакыра аԥҵара.