Аԥснынтәи аҭаҭын аалыҵ маӡала алгараз аҽазышәара ҟаҵан

© Foto / пресс-служба Сочинской таможни Контрабанда сигарет
Контрабанда сигарет  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳазалхыҩцәа автомашьынаҿ ирмаӡаз аҭаҭын аалыҵ BUSINESS ROYALS", "OMEGA AQUA BLUE" 750 пачка (15 000 цыра) аԥсуа акцизтә маркақәа рықәны ирбеит.

АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Аҳазалхырҭатә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы аҳазалхратәи аҳәаахьчаратәу усзуҩцәа жьҭаара 10 рзы иааныркылеит автомашьына CITROEN XSARA PICASSO, иараҿы иҭаҵәахын 15 000 сигареҭ ҳәа аанацҳауеит Шәача аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Агәаҭара алҵшәақәа рыла атранспорт хархәагаҿы иазгәаҭан иара аконструкциа иаҵанамкуаз аҭыԥ гәаҩара.

Пресечена попытка контрабанды сигарет из Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аурыс-аԥсуа ҳәааҿ асигареҭ аконтрабанда ҩаԥхьа иаԥырҟәҟәаан

Ашьҭахьтәи атәарҭатә ҭыԥқәа анҭырга ашьҭахь адашьмаҿы агәаҩара ҭаҟаҵа аарԥшхеит. Уа иҭаҵәахын жәа-ҭоԥк рҟынӡа асигарет.

Аҳазалхырҭатә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы аҳазалхратәи аҳәаахьчаратәи усзуҩцәа жьҭаара 10 рзы иааныркылеит автомашьына CITROEN XSARA PICASSO, иараҿы иҭаҵәахын 15 000 сигарет.

Амашьына аныҟәцаҩ, 20 шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ иҳәеит атауар Урыстәылаҟа аҭиразы ишигоз. Иҿы иқәшаҳаҭхеит заанаҵы аҵәахырҭатә ҭыԥ маӡа шазирхиаз.

Изакәаншьаҭадоу атауари амашьынеи имхуп. Аҭаҭын аалыҵ аекспертизахь инашьҭуп. Абри ахҭыс ала административтә зинеилагаразы (Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 16.1 ахәҭа 2, ахәҭаҷ 16.3) аусҭҵаара хацыркуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0