Аретро-дәыӷба "Шәача" Аԥсныҟа иаалоит аԥхаррақәа рышьҭахьгьы

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНовый туристический поезд "Сочи"
Новый туристический поезд Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩымз аус зуаз атуристтә дәыӷба "Шәача" 13 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа мҩаннагеит.

АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Атуристтә ретро-поезд "Шәача" есыҽны Гаграҟа аҩашада иныҟәоит, уи аԥхаррақәа рышьҭахьгьы иаалоит ҳәа аанацҳауеит Шәача ахадара апресс-маҵзура.

Аретро-дәыӷба "Шәача" раԥхьатәи ареис нанҳәа 15 рзы иааит Тҟәаԥсынтәи Гагратәи аихамҩатә станциахь.

Ҭҟәаԥси Гагреи ирыбжьалаз аретро-дәыӷба - Sputnik Аҧсны
Ҩышәҩык апассаџьырцәа: Тҟәаԥсынтә Гагра иааит атуристтә ретро-дәыӷба

Адәыӷба иацраҳәоуп акупетә вагонқәа, азеиԥш вагонқәа, аплацкарттә вагонқәа. Урҭ зегьы асовет аамҭа астиль ала еиқәыршәоуп, аха иахьатәи аамҭа иақәшәо алшарақәа амоуп: аҳауархьшәашәагақәа, арозеткақәа, usb-портқәа, амобилтә ҭелқәа раҿаҵарҭақәа.

Апассаџьырцәа иара убас алшара рымоуп Амшынеиқәаҿықәаҿтәи аҭыԥ ԥшӡарақәа ирызку аинформациа ахьроуша амультимедиатә портал аҭалара.

Роспотребнадзор иҟанаҵо абжьгарақәа инрықәыршәаны, атуристтә дәыӷба дәықәлаанӡа, нас амҩа ианықәугьы адезинфекциа азыруеит.

Адәыӷба Шәачантәи идәықәлоит асааҭ 08.00 рзы шәахьала, хашала, ԥшьашала, хәашала, сабшала, мҽышала, Гагра инеиуеит асааҭ 11:05 рзы. Ианааиуа аҽныҵәҟьа ихынҳәны Шәачаҟа идәықәлоит асааҭ 19:00 рзы, Шәача инеиуеит 22:25 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0