Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа еиҭеиҳәеит COVID-19 иахҟьаны аинститут аҟны аҵара ааныркыло ма иазгәарымҭо

© Sputnik / Илона ХварцкияВалерий Кварчия
Валерий Кварчия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи иаарту аинститут аректор Валери Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҵараиурҭаҟны ачымазара ҿкы аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу, иара убас аԥкрақәа инарықәыршәаны аҵаратә процесс аанкылара ргәы ианҭоу атәы.

 

Кәарҷиа еиҭеиҳәеит COVID-19 иахҟьаны аинститут аҟны аҵаратә процесс шаанымкылахо

"Иахьазы ҳҭагылазаашьа хар амам ҳәа ҳҳәар ауеит. Ҳарҵаҩцәа ҩыџьа рҽыԥхьакны иҟоуп, ҳастудентцәа иахьынӡаҳдыруа 22-ҩык рҽыԥхьаркит", - иҳәеит Кәарҷиа. Иара иазгәеиҭеит аинститут аҟны ачымазара ҿкы аламырҵәаразы аԥҟарақәа жәпакы шынарыгӡо.

 

"Ақәҵара ирыдыркылаз атәы ҳҳәозар, иахьазы ус еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам ҳинститут аҟны. Ҳахәаԥшуеит, мчыбжьык анаҩс аҭагылазаашьа иаҳа еицәахошәа ҳбар, акарантин рылаҳҳәоит", - иҳәеит Кәарҷиа.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵаиҩит атәылаҿ аԥкра ҿыцқәа алагалазарц жьҭаара 15 инаркны абҵара 24 рҟынӡа. Урҭ инарықәыршәаны азин ыҟам:

  • Амассатә спорттә, агәмырҿыӷьгатә, ацәыргақәҵатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара;
  • Акультуратә усҳәарҭақәа, атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, акультуратә центрқәа, акультура аханқәа, аконцерттәи ацәыргақәҵатәи залқәа русура;
  • Ашколқәраҟынӡатәи, азеиԥшҵаратәи усҳәарҭақәа, арҵаратә кружокқәа, аспорттә, акәашаратә, арепетициатә секциақәа русура;
  • СПА-салонқәа, асаунақәа, амассажтә салонқәа русура.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0