00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Шәҩык чмазцәахеит, ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит: аоперштаб адырра ҿыцқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 2579-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 1167-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 27-ҩык.

АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 285-ҩык ирзыҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус 100-ҩык рҟны иаадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Адырраҭара ишаҳәо ала, жьҭаара 14-15 рзы Гәдоуҭатәи аковид-хәышәтәырҭаҿы ԥшь-ԥсрак ҟалеит.

1938 шықәсазы ииз апациентка ареанимациа аҟәша дҭашәеит жьҭаара 12 рзы ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра лыманы. Иақәнагаз атерапиа шылзымҩаԥыргозгьы, лара лыԥсҭазаара далҵит жьҭаара 15 рзы агәы-шьадатәи аԥсыԥлагаҩагаратәи зымхара иахҟьаны. Лара иара убас лцәа иалан апатологиатә чымазарақәа.

COVID-19  - Sputnik Аҧсны
COVID-19 аҿагыларазы аԥкра ҿыцқәа

Жьҭаара 14 рзы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы иԥсҭазаара далҵит 1941 шықәсазы ииз апациент, иара ареанимациа аҟәша дҭашәеит убри аҽныҵәҟьа игәабзиара акыр ишьақәҟьаны. Иаразнак ахәышәтәра-реанимациатә усмҩаԥгатәқәа шизыҟарҵазгьы, ахаҵа иԥсҭазаара далҵит.

Жьҭаара 6 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра иманы 1948 шықәса рзы ииз апациент. Иара иахәҭаз ахәышәтәра дахысуан, аха жьҭаара 14 рзы иҭагылазаашьа еицәахан, иԥсҭазаара далҵит изцәырҵыз агәы-шьадатәи аԥсыԥлагаҩагаратәи зымхара иахҟьаны.

Жьҭаара 14 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит акоронавирус зцәа иалаз 1940 шықәсазы ииз апациент, иара ареанимациа аҟәша дҭашәахьан жьҭаара 5 рзы. Ишақәнагаз дшырхәышәтәуазгьы, иԥсҭазаара далҵит изцәырҵыз агәы-шьадатәи аԥсыԥлагаҩагаратәи зымхара иахҟьаны.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 152-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 129-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 18-ҩык, ибжьаратәуп - 41-ҩык, илҩаауп 19-ҩык апациентцәа. Зынӡа Гәдоуҭатәи агоспиталь иҳаҩсыз амш иалагӡаны иҭашәеит 9-ҩык ачымазаҩцәа.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп COVID-19 ззышьақәырӷәӷәоу апациентцәа 26-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭаҿы - 13-ҩык, Очамчыратәи аҿы - 11-ҩык.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0