АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа аизҳара абҵарамза жәабанӡа имҩаԥыслар алшоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Роспотребнадзор аепидемиологиазы ЦНИИ аҭҵаарадырратә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Александр Горелов иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Уажәы ачымазара аҽеизнарҳауеит. Аепидемиологиа азакәанқәа инарықәыршәаны уи ҩ-инкубациатә аамҭак амоуп – 28 мшы. 20 мшы рышьҭахь ачымазара аизҳара иаҟәыҵуеит ҳәа ҳазыԥшуп", - ҳәа иҳәеит Горелов.
Иахьазы Урыстәыла ашәҟәы иҭагалоуп 1,3 миллион коронавирус хҭыс. Ахаша иалагӡаны даҽа 14 231 чымазара азгәаҭан.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>