Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьалԥҳа COVID-19 аҟынтә ахалаҽыхәышәтәразы: аҳақьымцәа русура иаҳагьы иаруадаҩуеит

© Foto / предоставлено Мактиной ДжинджолияМактина Джинджолия
Мактина Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳақьым, атерапевт Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит апрофилактика ҳасабала ахәшәқәа рыжәра, мамзаргьы ахала аҽыхәшәтәра иахылҿиаар зылшо атәы.
Џьынџьалԥҳа COVID-19 аҟынтә ахалаҽыхәшәтәразы: аҳақьымцәа русура иаҳагьы иаруадаҩуеит

"Уажәтәи аамҭазы зхала зҽызхәышәтәуа ыҟоуп, урҭ иасны ирҳәоит рхала акоронавирустә ҿкаҟынтә ахәшәқәа ажәра ишалагахьоу атәы. Уи ҳусура аруадаҩуеит, анаҩс анализқәа рҭак ҳахәаԥшны ауп рыхәшәтәра шышьақәҳаргыло, урҭ шьҭа иаҳа иӷәӷәоу ахәшәқәа рахь ииасроуп, ашоуреи аимҳәеи рымамзар, ахәшәтәра аус аанкылахоит, ус ҳархылаԥшлоит ауп. Ачымазара умыхьырц азы, иныҟәгалатәуп асабрадақәа, ауаарацәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы уҟамзароуп, шьҭа зегьы еицырдыруа аԥҟарақәа урықәныҟәалар, ачымазара уҽацәхьоукыр иаҳа еиӷьхоит, ибзиоуп ирацәаны аӡы ужәларгьы", - ҳәа азгәалҭеит аҳақьым.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0