"Сынтәатәи ҳҽаҩра ажь еидкыланы иҭааны иаҳхәахьеит, ачан гылоуп, макьана иаҳжәуа аҩы иаҵҳамхыцт. Хәымш-ԥшьымш ажь ачан аҟны иҟазароуп, ҽнак ҩынтә еилаухәроуп, шьыжьи хәылбыҽхеи. Анаҩс хәыҷык азлара шамоу уҩы ааҵхны, абочкақәа бзианы иӡәӡәаны, пату ақәҵаны, аҩы ҭоуҭәоит. 40 мшы аҭахуп ҳара ҳажь аҩы алҵразы. Абочка рҭәны арыԥҵә ӷәӷәаны иамҭакәа, аҩы шуеит, иааныжьтәуп, анаҩс еиқәтәоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Царгәыш.
Анхаҩы иажәақәа рыла аҵла иқәу ажь иаҳа ибзиахоит, избанзар амреи ақәеи иацәыхьчоуп.
"Аҷандара жәытә-натә аахыс "Изабелла" ҳәа изышьҭоу ажь кхы ауп еиҭаҳаны иҳамоу. Усҟан иҟан акаҷыҷ, аҳарданыжь, аӷбажь, аха иахьа урҭ ажьхкқәа зегьы ықәӡааит. Усҟан аҳауа хазын, аҵлақәа ирықәырҵон, аха уажәы ҳаашьо ҳалагеит, имарианы иаҳҭаарц ҳҭахуп. Ажь еиҿкааны иҟазҵо аҵлоуп, иара иаҭахуп ашәшьыра. Амра аншуа аҳаргь ухагылазар ишеиӷьу еиԥш, ажьгьы атруба ианақәу ишуеит, изыхьчо ҳәа акгьы амаӡам. Ус еиԥш иҟоу аҵлоуп, аха ҳара акультура ҳалсыижьҭеи иаҳҭахӡам ус аҟаҵара", - ҳәа азгәеиҭеит Царгәыш.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Акаҷыҷ, Аҳардан, Амлахә: аӡахәа, ажь, аҩы аԥсуаа ркультураҿы
-
Занҭариа: алҵла ажь хааӡа иҟанаҵоит