АҞӘА, жьҭаара 23- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рцәа иалоу иаламу аилкааразы атестқәа 495-ҩык ирзыҟаҵан, урҭ рахьтә 144-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 156-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 123-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 59-ҩык, илҩаауп хәҩык апациентцәа. Гәдоуҭатәи агоспиталь уахыки-ҽнаки рыла иҭашәеит 13-ҩык ачымазцәа.
Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбало 28-ҩык апациентцәа. 26-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ҩыџьа-рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>