"Мышцәгьамзар аӡы зҭамло": Ӡыдаҟәара амаӡақәа

© Foto / предоставила Есма ҬодуаӠыдаҟәара
Ӡыдаҟәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Отҳара ақыҭа иагәылсуа Ӡыдаҟәара иадҳәалоу ажәабжьқәа дырзааҭгылоит Sputnik аколумнист, афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Аԥсны аԥсабара беиоуп аӡқәа, аӡиасқәа рыла. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ахьы ҭызго аӡқәа, егьырҭ аинерттә материалқәа ахьыҵухыр алшо, иара убас иуникалтәу аӡқәа: иаҳҳәозар, "зышьҭрахь игьежьуа аӡы" – аҵарауаа аԥсуа еставелла ҳәа изышьҭоу амшын иалало аӡы еснагь ҭыԥк аҿы шьҭахьҟа ихынҳәуа. Убри инаҷыдангьы иҟоуп зынӡаск аӡы зҭам аҟәарақәа. Урҭ иреиуоуп Оҭҳара ақыҭа еиҩызшо Ӡыдаҟәара. Иара амш цәгьа аныҟоу заҵәык ауп аӡы анҭало.

Аӡиасқәа - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аӡиасқәа рыхкырацәара

"Ӡыдаҟәара ҳәа изышьҭоу – ари жәытә ӡиас ҭыԥуп. Ари аҟәара мышцәгьамзар аӡы зҭамло, аӡы ахьҭам азоуп Ӡыдаҟәара ҳәа изашьҭоу. Амш аныцәгьахо аӡы ҭалоит, амш аныбзиоу иҭабаны иҟоуп. Иара агеи-ашьхеи ашьапаҿынтәи аҩ-бахә рыбжьара иҟәрыԥшны иаауеит, Мҷышь аҭыԥ аҿынӡа иҩеиуеит", – ҳәа еиҭалҳәоит Оҭҳара инхо Ира Қапба–Аиба.

Ӡыдаҟәара аӡы ахьҭамло адагьы, ари аҭыԥ ашанақәа адырбалоит. Ишеиҭарҳәо ала, иара ахаҿы ахәаҟны ижуп хҩык аиҳәшьцәа, урҭ ҭынха ҳәа аӡәгьы дахьрымамыз аҟынтәи анышәынҭрагьы ҟаҵам, дара ҟәырҭлаххан, убра ииасуа ауаа ирԥырхагахоит. Урҭ рнеҩсангьы араҟа лассы-лассы Ӡызлан дырбалоит. Ус еиԥш ахҭыс ҟалеит уажә ааигәагьы.

© Foto / предоставила Есма ҬодуаԥҳаИра Каԥба- Аиба
Мышцәгьамзар аӡы зҭамло: Ӡыдаҟәара амаӡақәа - Sputnik Аҧсны
Ира Каԥба- Аиба

"Абасоуми "N" дзибаз. Абри ацҳаҿ дааиуан, Ӡыдаҟәара абра ацҳа ахьху, абас дџыхӡа даацәырҵит, имҩа кны дылмышьҭуа далагеит, иара дшәан, дыҳәҳәо дыҩуа дшаауаз абра Мирабраа рашҭа дҭалеит. Уи нас ԥсыуаҵас аҭәҳәа ҟарҵеит, аҵыблаа ҟарҵеит. Дшәеит даара, игәы еиҭаԥеит, аха аҵыблаа аныҟарҵа, нас дыбзиахеит. Иара ацҳа ахаҿы, ахәаҿы Папцавақәак убра, хҩык аҳәсақәа аҟан, иԥсит, аӡәгьы дрымамызт, ахәы рмоузт, егьи рмоузт, иҟәырҭлаххеит дара. Убарҭгьы ауаҩԥсы убра данынабжьалалак иҩуа ишьҭалон. Нас абри иублыр бзиоуп рҳәан, аҭәа амца ацраҵаны ирблит, нас уаҳа ирымбо иалагеит", – ҳәа еиҭалҳәоит ақыҭанхаҩ.

Аалӡга аӡиас, Тҟәарчал - Sputnik Аҧсны
Аӡы иҭоу, мамзаргьы ацәҵыхәа аӡы аныҭнаго

Оҭҳара инхо узазҵаалак, ахәыҷы инаиркны иззымдыруа дыҟам Ӡыдаҟәара иамоу ашанақәа. Урҭ уи адырра адагьы агәра ргоит аилашәшәымҭаз уаҟа аиасра шыбзиам.

"Сабхәа дибахьан, лыхьӡ сҳәар сҭахым, Ӡызлан дкацәааит. Абас иааилашәшәуа џьара дыҟан даауан, аҟәара, ани ацҳа ахьыҟоу дҭаланы дзааиуаз аӡәы дџыхӡа иаԥхьа абас днагылеит. Нас иара инапы иҟьо, ишьапы иҟьо, дшәеит, аха анс ҟаиҵацыԥхьаӡа иара, дыҩны иаԥхьаҟа диасны дкәаҩӡа дгылон, ыыт ҳәа саныҳәҳәалак сашьҭахьҟа дгылон иҳәеит. Нас абас ҳзеикәагьежьуаз  мацара, ахәы сҩыхәнеит иҳәеит, ари закәызеи, баасышьҭымҵуеи ҳәа, абрагь сҩыхәнеит, ларгьы дсышьҭыҵит иҳәеит. Ашьҭахь абри ахаҵа дҟәашӡа абра дааит избаз ҳәа. Аҭыԥ бзиаӡам, уахынла акәым, иара ҽынлагьы убра сиасыр сҭахӡам сара, абас сакәшан сцоит, убри ацҳа ақәлара бзиа избаӡом", – ҳәа ҳалҳәеит Ира Қапба-Аиба.

© Foto / предоставила Есма ҬодуаӠыдаҟәара иху ацҳа
Мышцәгьамзар аӡы зҭамло: Ӡыдаҟәара амаӡақәа - Sputnik Аҧсны
Ӡыдаҟәара иху ацҳа

Ӡыдаҟәара анашанара ари ала инҵәаӡом. Иара иаҿагылоу абахәраҿы ахаҳәқәа ирыбжьысны аӡы цқьа анлеиуа ыҟоуп, аӡрыжәтә ҳасабала. Аха уи аӡы цқьагьы есымша иаауам. Убри анаауа иақәшәаз ашықәсан дманшәалахоит, акгьы иԥырхагахом ҳәа иԥхьаӡоуп.

Анашанара ҳацәхьаҵуазар, аиашазы Аԥсны иамоу аӡы цқьақәа аӡрыжәтә ҳасабала рхархәара акыр ишхәарҭоу азгәарҭахьеит аҵарауаа, дара Аԥсны иқәынхо рзын мацара моу анҭыҵгьы аҭирҭақәа рахь инауго иҟауҵар ауеит. Аха иахьазы аӡымҩангагақәа рыҟамзаара иахҟьаны ақыҭақәа реиҳарак Ӡыдаҟәара иаҩызоуп – аӡы иаҿықәынхо, аха зыҩнаҭақәа рҟны аӡы змам – инашанаӡами ари?

 

Ажәабжьқәа зегьы
0