Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагба Ашьха Ҟарабах аибашьра азы: ааигәа иҟоу аҳәынҭқаррақәа акы аҟны изааибагом

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Хагба
Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны ахҳәаа азиуит Азербаџьани Ермантәылеи реибашьра инадҳәаланы аҵыхәтәантәи аамҭазы иалыршахаз агуманитартә еинышәара атәы.
Ҳагба Ашьха Ҟарабах аибашьра азы: ааигәа иҟоу аҳәынҭқаррақәа акы аҟны изааибагом

"Азербаџьани Ермантәылеи мҽхакыҭбаала имҩаԥырго аибашьра акәша-мыкәша иҟоу аҳәынҭқаррақәагьы аиҿагыларатә форма аархәо иалагеит. Иҟалаз уи ауп, Минсктәи агәыԥ ҳәа изҿу х-ҳәынҭқаррак Франциа, Еиду Америкатәи аштатқәа, Урыстәыла алоуп. Уа иҟоуп Ҭырқәтәылагьы, аха ажәалагала рзыҟаҵом аинышәара аганахьала. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аиҿагыларатә формақәа рҟны даҽак азгәоуҭартә ыҟоуп. Франциеи Ҭырқәтәылеи аиҳабацәа реицәажәарақәа иунарбоит аинышәара аганахьала зҵаарак рыӡбаратәы ишыҟам. Даҽа хҭыскгьы аӡбахә ҳәатәуп. Уи Владимир Путин Валдаитәи аклуб аҟны аибашьра аганахьала ииҳәаз ауп. Убас агәаанагара ыҟан Урыстәыла ганк, Ермантәыла иадгыланы ақәԥарахь ааԥхьара ҟарҵоит мамзар мчыла иааныркылоит ҳәа. Путин иҳәеит, аганқәа аибашьраҟны ишрыдымгыло, аибашьра аанкылахар шырҭаху. Иҟалаз уи ауп, аимак акәша-мыкәша иҟоу аҳәынҭқаррақәа еиҿагылоуп, акы аҟны изааибагом", - азгәеиҭеит Ҳагба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0