Аӡбарҭа Аинар Хәарцкьиа 18 шықәса аколониаҿ ахгара иқәырҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВерховный суд Абхазии
Верховный суд Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит аҿы ишарбо ала 2019 шықәса лаҵара 17 рзы Аинар Хәарцкьиа Ревази Шамугьиеи Лиубовь Завиаловои ишьит рмал агаразы.

АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аинар Хәарцкьиа 18 шықәса аколониаҿ ахгара иқәырҵеит ҩыџьа ауаа ахьишьыз азы, абри атәы аанацҳауеит Аӡбарҭа асаит.

Аусӡбара мҩаԥысуан аӡбаҩ Роман Кәарҷиа ихантәаҩрала жьҭаара 26 рзы.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит аҿы ишарбо ала 2019 шықәса лаҵара 17 рзы Аинар Хәарцкьиа Реваз Шамугьиеи Лиубовь Завиаловои ишьит рмал агаразы. Арҭ ауаа рышьра ашьҭахь ишьҭа ирӡырц азы дара зыҩназ Галина Мартынова лыҩны амца ацреиҵеит.

Аӡбарҭа аӡбрала Аинар Хәарцкьиа ахарара идҵоуп: гәымбылџьбарала ҩыџьа ауаа рышьразы, абџьар ахархәарала цәгьоурыла амал ахатәтәра, былрала атәым мазара ақәхра.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа азыӡба 15 мшы рыҩныҵҟа ахашшаара ҟалоит зус рыӡбо, ма аганқәа азыӡба атекст рнапаҿы ианрырҭалак ашьҭахь.

Аинар Хәарцкьиа ахара ихароуп ҳәа иԥхьаӡам ихара шьақәырӷәӷәахаанӡа, аӡбарҭа азыӡба азинмчра аманы ишьақәнаргылаанӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0