Аекономика аминистрра аӡбарҭа аӡбамҭа нагӡо Мирон Агрба имаҵзурахьы дархынҳәит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПутешествие из Москвы в Сочи на поезде
Путешествие из Москвы в Сочи на поезде - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Мирон Агрба Аԥсны аекономика аминистрра аганахь ала ишшыԥхьыӡ иахәаԥшны аӡбамҭа аднакылеит АУН «Аԥсныеихамҩа» адиректор хадас еиҭашьақәыргыларазы.

АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны аекономика аминистрра Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭа нагӡо Мирон Агрба имаҵзурахьы дархынҳәит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

"Аӡбарҭа аӡбамҭа аднакылеит Агрба Мирон Лавренти-иԥа ишшыԥхьыӡ ишақәшаҳаҭу азы. Аԥсны аекономика аминистрра аӡбарҭа аӡбамҭа анагӡаразы иахәҭаны иҟаз анапхгаратә ӡбарақәа аднакылеит, урҭ рзы аофициалла Агрба Мирон Лавренти-иԥа адырра инаҭеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусбарҭаҿы ирҳәеит Мирон Агрба ҩыра ҳасабла адырра шиҭаз Аԥсны Аџьазы азакәанеидкыла ахәҭаҷ 241 инақәыршәаны аџьатә еизыҟазаашьа шыԥнарго азы.

Мирон Агрба Sputnik акорреспондент мап лцәикит аӡбарҭа аӡбамҭа алацәажәаразы.

Мирон Агрба, нанҳәа 18 рзы Аекономика аминистрра анапаҵаҟа иҟоу АУН "Аԥсныеихамҩа" адиректор хадас дахьыҟаз аҟынтәи ихы дақәиҭтәын. Иара иҭаԥ ахь днаган Арсоу Ҷыҭанаа.

Аха иара ари аус дазашшит. Жьҭаара 27 рзы аӡбарҭа ашшыԥхьыӡ иахәаԥшит.

Аӡбаҩ Милана Џьынџьалԥҳа Агрба ишшыԥхьыӡ ҭҵааны иҭыԥ ахь дшьақәырӷәӷәазарц аӡбамҭа лыдылкылеит. Аӡбарҭа аӡбамҭа азинмчра аиуеит ианрыларҳәа инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0