Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷанба Пицундатәи ауарӷан азы: ас еиԥш иуникалтәу аинструмент ахьҳамоу сазгәдууп

© Sputnik / Томас ТхайцукНодар Чанба
Нодар Чанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
45 шықәса раԥхьа Пицундатәи ауахәамаҿы иргылан ауарӷан. Иара ҳкультуратә ԥсҭазаараҿы ҭыԥс иаанакыло, насгьы ауарӷан Аԥсныҟа аагара шыҟалаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар рартист, Аԥсуа драматә театр адиректор хада Нодар Ҷанба.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҷанба пицундатәи ауарӷан иазкны

"Ауарӷан Аԥсныҟа аагара хҭыс дуӡӡоуп. Уи аԥсуа музыка аҭоурых еиҩнашеит ауарӷан аныҟамызтәи аамҭеи, ауарӷан анышьақәыргылашьҭахьтәи аамҭеи ҳәа. Иара аинструментқәа зегьы иаарулукаауеит, аоркестр абжьқәа зегьы амызукатә инструментк аҿы иахылҵуа иҟоуп. Ари иуникалтәу инструментуп, хымԥада", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷанба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0