АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. 700 тонна инареиҳаны амандарина Аԥснынтә Урыстәылаҟа иргахьеит цәыббрамза абжараахыс ҳәа аанацҳауеит Шәача ақалақь аҿы иҟоу Краснодартәи атәылаҿацә аҳазалхратә маҵзура.
Жьҭаара аихшамҭазы аҳәаа иахыргахьан 250 тонн ацитрусқәеи 50 тонн афеихои. 2019 шықәса абри аамҭазы аҳәаа иахыган 20 тонн ацитрусқәеи 30 тонн афеихои.
Абҵара 2 рызтәи арбагақәа рыла 716 тонн амандарина аҳәаа иахыгоуп, 2019 шықәса рзы – 484 тонна. Аҵыхәтәантәи аԥсшьарамшқәа ирылагӡаны ииаган 90 тонн ацитрусқәа.
Ацитрусқәа лассы иԥхасҭахо аалыҵуп азы урҭ рҳазалхратә еиҿкаарақәа аԥыжәара рыманы имҩаԥысуеит.
2019 шықәсазтәи асезон, жьҭаара-жәабран амзақәа рзы аҳәааҿ ашәҟәы иҭагалан 14 000 тонн ацитрусқәа. 2018 шықәса рзы – 37 000 тонн ацитрусқәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: