Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Агрԥҳа ВГИК афестиваль аҿы иланашьаз агран-при иазкны

© SputnikАтана Агрба
Атана Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арежиссиор қәыԥш Атана Агрԥҳа жьҭаара 30 рзы зметр кьаҿу лфильм "Сара ак уасҳәарц сҭахуп" азы иланашьахеит гран-при 40-тәи ВГИК астуденттә фестиваль аҿы. Арадио Sputnik аефир аҿы Аҭана Агрԥҳа еиҭалҳәеит афильм зызкуи, насгьы лиааира лара лзы ҵакыс иамоуи ртәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Агрԥҳа ВГИК афестиваль аҿы агран-при агара иазкны

ВГИК жәларбжьаратәи астудентә фестиваль Урыстәылатәи аетап аҿы агран-при ланашьахеит Аԥснынтәи арежиссиор Аҭана Агрԥха. Афильм алкаахеит иара убас ахаҵа ироль иреиӷьу анагӡаразы аҳамҭалагьы.

"…Сгәы иҭоуп ԥхьаҟа аибашьраан ибжьаӡыз абиԥара ззырҳәо иаҳа инарҭбааны, зметр дуу афильм аҿы иаасырԥшырц, сгәы иаанагоит ари есымша иактуалтәу темоуп ҳәа. Насгьы аибашьра атема сзааигәоуп. Сфильм агран-при аиуеит ҳәа сазыԥшӡамызт, ирацәан иҟаз афильмқәа насгьы иактуалыз атемақәа аазырԥшуаз. Сгәы иаанагоит, уажәы Ашьха Ҟарабах имҩаԥысуа ахҭысқәа анырра анаҭеит сфильм алкаараҿы, атема иаҳа ргәаҿы инеит ҳәа сазхәыцуеит. Ари афильм зегьы еилыркаартә иҟоуп, иара иаҳа автортә кино ахь иадыскылоит. Сусумҭа Москва акинотеатр аҿы иахьыддырбаз еиҳау хҭысуп са сзы, ԥхьаҟа афильм иснаҭоит идуу аметр ахь анагара", - ҳәа еиҭалҳәеит Агрԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0