Аԥсны даҽа 77-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

© Foto / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭкспресс-диагностика на антитела к коронавирусу в клинике Hadassah Medical Moscow в Сколково
Экспресс-диагностика на антитела к коронавирусу в клинике Hadassah Medical Moscow в Сколково - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 4426-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 2430-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 45-ҩык.

АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 502 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 77 тест рҟны ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб иаанацҳауеит аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҟны лыԥсҭазаара дшалҵит 1940 шықәсазы ииз апациентка. Лара ахәышәтәырҭа дҭашәеит лыԥсыԥ лагаҩагара акыр илцәыцәгьаны, ҩганктәи агәыҵәкра лыманы. Иақәнагаз атерапиа шылзымҩаԥыргозгьы, абҵара 3 рзы лдунеи лыԥсахит.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны иԥсаҭазаара далҵит акоронавирус зышьақәырӷәӷәаз 60 шықәса зхыҵуаза ахаҵа. Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы, абҵара 3 рзы идунеи иԥсахит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 124-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 104-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 23-ҩык, ибжьаратәуп - 29-ҩык, илҩаауп 17-ҩык апациентцәа.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 35-ҩык апациентцәа.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 65-ҩык апациентцәа. 60-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0