00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҳақьым лцәа аԥҽразы аҽазышәара ҟаҵан ҳәа аинформациа ҿаԥнаҽуеит

© Sputnik / Леон Адлейба Брифинг посла России Алексея Двинянина
Брифинг посла России Алексея Двинянина  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Возба Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь цхыраара ҳәа иааз аҳақьым лцәа аԥҽра иҽазишәеит ҳәа аинформациа рылаҵәеит асоциалтә ҳақәа рҿы абҵара 4 рзы.

АҞӘА, абҵара 6– Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Урыстәылантәи Аԥсныҟа иааз аҳақьым лцәа аԥҽра афакт аиԥш аҽазышәарагьы аҭыԥ амамызт ҳәа иҳәеит Sputnik имҩаԥысыз абрифинг аҿы Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин.

Траурный митинг перед посольством России в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа иҭнаҵаауеит аҳақьым лцәа аԥҽра аҽазышәара ыҟан ҳәа аинформациа

"Урыстәылантәи Аԥсныҟа, акоронавирус ауааԥсыра рацәыхьчараан ацхыраара аҟаҵаразы иааз аҳақьым лцәа аԥҽра афакт аиԥш аҽазышәарагьы аҭыԥ амамызт. Ари ас шакәу шьақәдырӷәӷәоит Ацҳаражәҳәарҭа, ахада Иусбарҭа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра", - азгәеиҭеит Двинианин.

Двинианин иҳәеит абҵара 4 - 5 рзы Гәдоуҭа аҭыԥ зманы иҟаз "Гәдоуҭа ахадара имҩаԥнагаз ихарҟьаны итрадициатәу аԥсуа сасдкылароуп" ҳәа.

"Ахҭыс аҭыԥ иқәҵоуп Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Аԥсны ахада Иусбарҭа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Агәабзиарахьчара аминистрра рыбжьаҟазарала", - иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит аҳақьымцәа иаабац арежим ала русура шымҩаԥысуа.

Алексеи Двинианин ажурналистцәа рахь аҳәара ҟаиҵеит Telegram-каналқәа: " Мандарин, Апельсин, Фейхоа, Хурма" реиԥш иҟақәоу ражәабжь ԥаршеиқәа иаразнакы агәра ганы еимпыҵрымԥааларц.

"Сара сагьрыԥхьом, ҳаҭыргьы рықәысҵом асеиԥш иҟоу Telegram-каналқәа", – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Двинианин ажурналистцәа дрыҳәеит асоциалтә ҳақәа ирыладырҵәо зегь рыгәра шырымгаша.

"Зынӡа иҿыцу аҿырԥштәы: амаҵзура Sputnik абҵара 5 рзы "Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа иҭнаҵаауеит Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь цхыраара ҳәа иааз урыстәылатәи аҳақьым лцәа аԥҽра аҽазышәара ыҟан ҳәа ирыларҵәоу аинформациа" ҳәа хыс иаҭаны аматериал ҭнажьит. Убри аан Ацҳаражәҳәарҭа ацитата аматериал аҵыхәаҿоуп иахьаагаз. Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ иҳәеит: Асоциалтә ҳақәа рыла ирыларҵәаз аинформациа аҭҵаара ҳаҿуп. Макьаназы еиҳа инарҭбаау аинформациа ҳамам. Уи адагьы лара аҳақьым лхаҭа дашшу дмашшу атәы аилкаара ҳаҿуп. Ицәырҵуеит азҵаара, избан Sputnik Аԥсны атекст ахаҿи аԥхьатәи абзац аҿи "Ацҳаражәҳәарҭа аусҭҵаара мҩаԥнагоит" ҳәа заҳәо? Зыӡбахә ҳәаз асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵыз аинформациа аҭҵаара акәын", - иҳәоит Двинианин.

Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура хада: аҳақьым лцәа аԥҽра аҽазышәаразы арзаҳал ыҟам

Ари аинформациа анаҩс урыстәылатәи АИХқәа еимырҟьаааны игәарарҵеит.

"Аргументы и факты", аматериал зынӡа иладырҳәы-ҩадырҳәит, РИА Новости, "Московский комсомолец", ТАСС – иара убас. Сгәы иалоуп аӡәгьы игәеимҭаз, ишьақәимырӷәӷәаз аинформациа абас иахьеинырҟьаз. Ацҳаражәҳәарҭа мап ацәнакуеит Telegram-каналқәа, Facebook уҳәа реиԥш иҟоу игәарарҵо ажәабыжьқәа ахархәара рызҭо ажурналистцәеи аҭыжьымҭақәеи аус рыцура. Аиҳаракгьы Урыстәыла имҩаԥнаго  агуманитартә цхыраараан. Сара апресса ахақәиҭра садгылаҩуп аха саҿагылоит уи ухатәы хықәкқәа рзы ухы ианауырхәо", - иҳәеит Алексеи Двинианин.

Ажурналистцәа ирҭаз азҵаара: урыстәылатәи аҳақьымцәеи Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәеи еиқәшәахьоума? – аҭакс "ааи" иҳәеит.

"Ааи, схаҭыԥуаҩ иацы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы дыҟан, аҳақьымцәа рыбригада анапхгаҩы диацәажәеит. Хаҭала длыҿцәажәеит аҳақьым лхаҭа", - иҳәеит Двинианин, иагьазгәеиҭеит аицәажәара арзара игәы ишҭам.

Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Возба Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь цхыраара ҳәа иааз аҳақьым лцәа аԥҽра иҽазишәеит ҳәа аинформациа рылаҵәеит асоциалтә ҳақәа рҿы абҵара 4 рзы.

Иара убасгьы иҳәан аҭыԥҳа абналара лылшеит, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭахь днеиит ҳәа. Ахара здырҵо иԥшаара иашьҭоуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0